https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14214
Афонҿыцтәи аҳаԥы аиубилеи азы ажурналистцәа реидгыла ирыланаҳәаз аицлабра аихшьаала ҟаҵоуп
Афонҿыцтәи аҳаԥы аиубилеи азы ажурналистцәа реидгыла ирыланаҳәаз аицлабра аихшьаала ҟаҵоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Афонҿыцтәи аҳаԥы 50 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны ажурналистцәа реидгыла иреиӷьу аусумҭазы ирыланаҳәаз аицлабра аихшьаалақәа... 10.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-10T18:55+0300
2025-12-10T18:55+0300
2025-12-10T19:27+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0a/1059660886_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_12038bb5ad531e5c2ddbc26febc17cda.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Афонҿыцтәи аҳаԥы 50 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны ажурналистцәа реидгыла иреиӷьу аусумҭазы ирыланаҳәаз аицлабра аихшьаалақәа ҟаҵоуп.Sputnik акорреспондент Бадри Есиава "Аинтернет-кьыԥхьымҭақәа" аноминациаҿы аԥхьахә иоуит — "Апланетартә масштаб змоу иҷыдоу алабораториа" ҳәа имҩаԥигаз аинтервиу азы.Иара убас, ари аноминациа ала адиплом ланашьан "Аԥсныпресс" аусзуҩ Аманда Касланӡиаԥҳа.Ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.Аҳәынҭқарра ахада Афонҿыцтәи аҳаԥы анапхгареи аусзуҩцәеи аныҳәа рыдиныҳәалеит, аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит, "Акурортқәеи атуризми зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранеишьеит.Иара убас аҳамҭақәа ранашьан:
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0a/1059660886_161:0:1121:720_1920x0_80_0_0_1ba54aaf116b20cbeb5bb2bbf405fd57.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
Афонҿыцтәи аҳаԥы аиубилеи азы ажурналистцәа реидгыла ирыланаҳәаз аицлабра аихшьаала ҟаҵоуп
18:55 10.12.2025 (ирҿыцуп: 19:27 10.12.2025) АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Афонҿыцтәи аҳаԥы 50 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны ажурналистцәа реидгыла иреиӷьу аусумҭазы ирыланаҳәаз аицлабра аихшьаалақәа ҟаҵоуп.
Sputnik акорреспондент Бадри Есиава "Аинтернет-кьыԥхьымҭақәа" аноминациаҿы аԥхьахә иоуит —
"Апланетартә масштаб змоу иҷыдоу алабораториа" ҳәа имҩаԥигаз аинтервиу азы.
Иара убас, ари аноминациа ала адиплом ланашьан "Аԥсныпресс" аусзуҩ Аманда Касланӡиаԥҳа.
Ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аҳәынҭқарра ахада Афонҿыцтәи аҳаԥы анапхгареи аусзуҩцәеи аныҳәа рыдиныҳәалеит, аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит, "Акурортқәеи атуризми зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранеишьеит.
Иара убас аҳамҭақәа ранашьан:
"Иреиӷьу ателематериал" аноминациаҿы: Елеонора Гилоиани Дауҭ Логуеи рфильм "Шәышықәсабжак Аԥсара ашьха аҵахь аныҟәарақәа" азы.
"Иреиӷьу амилаҭтә кьыԥхь аматериал" аноминациаҟны: агазеҭ "Абазашҭа" аҿы Екатерина Бебиаԥҳа лыстатиа "Аԥсны аҭыԥ ԥшьақәа рахь иаарту амҩа" ;агазеҭ "Аԥсны" аҿы Ахра Анқәаб истатиа "Анаҟәаԥиатәи абаа амаӡа".
Иреиӷьу акьыԥхьтә ҭыжьымҭа аноминациаҿы: агазеҭ "Республика Абхазия" аҿы Заира Ҵәыџьԥҳа лыстатиа "Аамҭеи аҭоурыхи абас ирыӡбеит"; иара убри агазеҭ аҿы Алим Конџьариа истатиа "Анасыԥ аамҭақәа рыԥшаахқәа".
Иреиӷьу арадиоматериал аноминациаҿы: Елана Лашәриаԥҳа аиааира лгеит.
"Иреиӷьу афоторепортаж" аноминациаҿы адипломқәа ранашьан Анна Гречкои Мариа Горскаиеи.
Владимир Попов иреиӷьу афотосахьақәа рзы аҳамҭа ианашьан.