Аԥсны раԥхьаӡа акәны иалшеит иҳауаз акоммерциатә фымцамч ахә ахшәаара иҳәеит Мышәба
08:51 21.12.2025 (ирҿыцуп: 10:11 21.12.2025)

© Sputnik / Сергей Мальгавко
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" алашара ахәԥса еизнагаз ала Аԥсны раԥхьаӡа акәны иалшеит иҳауаз акоммерциатә фымцамч ахә ахшәаара ҳәа иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.
Нанҳәамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа ареспублика 670 миллион мааҭ рыхә афымцамч аанахәеит ҳәа иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла, иҳахысыз ашықәсқәа рзы арҭ ахықәкқәа рзы аԥара абиуџьет иазоунажьуан.
"Ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны иҳауаз акоммерциатә фымцамч ахә ахшәаауп абиуџьт аҟнытә акәымкәан. 2016 шықәса раахыс еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла есышықәса афымцамч азы адефицит ыҟоуп. Уи абиуџьет ԥарақәа рыла иадыркуан. Сынтәа уи аҩыза ҟамлаӡеит, абиуџьет ԥарақәа дәықәҵахаӡом", — ҳәа иҳәеит Мышәба Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы.
Иара иазгәеиҭеит, 2025 шықәса жәеизамза рыла алашара ахәԥсаз аизгарақәа 53% шыҟалаз, уи иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаз арбагақәа раасҭа 8% еиҳауп.
Азинтә хаҿқәа рзы арҭ арбага 80% инаӡеит, хаҭалатәи ауаа рзы – 37%.