https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14432
Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" азы раԥхьатәи ачемпионат афинал мҩаԥысуеит Аҟәа
Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" азы раԥхьатәи ачемпионат афинал мҩаԥысуеит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" азы раԥхьатәи ачемпионат афинал мҩаԥысуеит Аҟәатәи ареспубликатә стадион аҿы. 21.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-21T11:58+0300
2025-12-21T11:58+0300
2025-12-21T12:40+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аспорт
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1b/1058578625_0:99:1920:1179_1920x0_80_0_0_1bfa0795bfbec0e16c04d2515c8b7ad2.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" азы раԥхьатәи ачемпионат афинал мҩаԥысуеит Аҟәатәи ареспубликатә стадион аҿы.Аиааира иазықәԥоит афонҿыцтәи "Аԥсари" "Ҷлоуааи", ақәыԥшцәа рыбжьара — аҟәатәи абжьаратә школқәа №1, №5.Ачемпионат аԥхьахәтә фонд — 400 нызқь мааҭ. Аиааира згази зҽалызкаази ахраҿақәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, амедалқәеи ранашьахоит иҳәеит Гәынба.Сынтәа ари аицлабра иалахәын шәҩык инареиҳаны аспортсменцәа."Аимҵакьачара" — аԥсуа жәлар рмилаҭтә хәмарроуп, регби ахәмарра еиԥшуп. Ҩыџьа алабақәа кны, ампыл ҩхалаҵаны, лабала иасны, досу икоманда ириҭо ампыл асратә хәмарроуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1b/1058578625_108:0:1812:1278_1920x0_80_0_0_54b46c625e3c881e59b29043c66929c4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа, аспорт
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа, аспорт
Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" азы раԥхьатәи ачемпионат афинал мҩаԥысуеит Аҟәа
11:58 21.12.2025 (ирҿыцуп: 12:40 21.12.2025) АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" азы раԥхьатәи
ачемпионат афинал мҩаԥысуеит Аҟәатәи ареспубликатә стадион аҿы.
Аиааира иазықәԥоит афонҿыцтәи "Аԥсари" "Ҷлоуааи", ақәыԥшцәа рыбжьара — аҟәатәи абжьаратә школқәа №1, №5.
"Аԥсны азы аҭоурыхтә хҭысуп ари— раԥхьаӡакәны иаатит аԥсуа милаҭтә спорт хкы азы ачемпионат "Аимҵакьачара". Уи иалахәын аа-командак, зегьы қәҿиарала иқәгылеит. Ҳара ииасуа ахраҿа хадазы аицлабра мҩаԥаҳгоит — ақәратә категориақәа ҩба рҟны — 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуеи 18 шықәса ирҭысхьоуи рыбжьара", — иҳәеит Амилаҭтә спорт хәмаррақәа рфедерациа ахада Адгәыр Гәынба.
Ачемпионат аԥхьахәтә фонд — 400 нызқь мааҭ. Аиааира згази зҽалызкаази ахраҿақәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, амедалқәеи ранашьахоит иҳәеит Гәынба.
Сынтәа ари аицлабра иалахәын шәҩык инареиҳаны аспортсменцәа.
"Аимҵакьачара" — аԥсуа жәлар рмилаҭтә хәмарроуп, регби ахәмарра еиԥшуп. Ҩыџьа алабақәа кны, ампыл ҩхалаҵаны, лабала иасны, досу икоманда ириҭо ампыл асратә хәмарроуп.