https://sputnik-abkhazia.info/20251223/ashba-eieieit-rakhati-asua-anban-shy-mila-raradyrra-aiarazy-akys-iamou-1059946548.html
Ашәба еиҭеиҳәеит раԥхьатәи аԥсуа анбан шәҟәы ҳмилаҭ рҵарадырра аҿиаразы ҵакыс иамоу
Ашәба еиҭеиҳәеит раԥхьатәи аԥсуа анбан шәҟәы ҳмилаҭ рҵарадырра аҿиаразы ҵакыс иамоу
Sputnik Аҧсны
160 шықәса раԥхьа иҭыжьыз раԥхьатәи "Аԥсуа анбан" шәҟәы ҳмилаҭ рҵарадырра аҿиаразы ҵакыс иамоу атәы дазааҭгылеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара институт... 23.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-23T10:48+0300
2025-12-23T10:48+0300
2025-12-23T12:33+0300
аԥсны
аԥсны
авидеонҵамҭақәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/17/1059951508_0:0:1920:1080_1920x0_80_0_0_235006cb9bff0e5e37d4159c33a77c23.jpg
160 шықәса раԥхьа иҭыжьыз раԥхьатәи "Аԥсуа анбан" шәҟәы ҳмилаҭ рҵарадырра аҿиаразы ҵакыс иамоу атәы дазааҭгылеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара институт аиҳабы Арда Ашәба. Анбаншәҟәы аԥҵареи аҭыжьреи мраны игылеит иахьатәи абиԥаразы ҳәа иԥхьаӡоит аҵарауаҩ. Абызшәеи аҩыреи ҳамамызҭгьы, ҳҿахәы ҳзымҳәо ҳаҟазҭгьы, иҿаҳау ауаҩы ҳеиԥшхон ҳәа азгәеиҭеит Ашәба. 1865 ашықәс азы "Аԥсуа анбан" шәҟәы еиқәыршәаны иҭыжьын, уи акыр аамҭа иакыз аԥсуа рҵагашәҟәны иҟан. Анбан шәҟәы аиқәыршәара алыршахеит абызшәаҭҵааҩы, аетнограф, азеижәтәи ашәышықәсазы кавказаҭҵаара знапы алакыз аруаҩ Пиотр Услар ибзоурала. Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/17/1059951508_86:0:1793:1280_1920x0_80_0_0_2834dbcbda2b31af71da34195e202516.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, авидеонҵамҭақәа, акультура, видео
аԥсны, авидеонҵамҭақәа, акультура, видео
Ашәба еиҭеиҳәеит раԥхьатәи аԥсуа анбан шәҟәы ҳмилаҭ рҵарадырра аҿиаразы ҵакыс иамоу
10:48 23.12.2025 (ирҿыцуп: 12:33 23.12.2025) 160 шықәса раԥхьа иҭыжьыз раԥхьатәи "Аԥсуа анбан" шәҟәы ҳмилаҭ рҵарадырра аҿиаразы ҵакыс иамоу атәы дазааҭгылеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара институт аиҳабы Арда Ашәба.
Анбаншәҟәы аԥҵареи аҭыжьреи мраны игылеит иахьатәи абиԥаразы ҳәа иԥхьаӡоит аҵарауаҩ.
Абызшәеи аҩыреи ҳамамызҭгьы, ҳҿахәы ҳзымҳәо ҳаҟазҭгьы, иҿаҳау ауаҩы ҳеиԥшхон ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.
1865 ашықәс азы "Аԥсуа анбан" шәҟәы еиқәыршәаны иҭыжьын, уи акыр аамҭа иакыз аԥсуа рҵагашәҟәны иҟан. Анбан шәҟәы аиқәыршәара алыршахеит абызшәаҭҵааҩы, аетнограф, азеижәтәи ашәышықәсазы кавказаҭҵаара знапы алакыз аруаҩ Пиотр Услар ибзоурала.
Инарҭбаау аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.