https://sputnik-abkhazia.info/20251228/1060114983.html
Икәеицеиуа аԥсаӡҵлақәа: ашықәсҿыцтәи Аҟәа Sputnik аблакҭала
Икәеицеиуа аԥсаӡҵлақәа: ашықәсҿыцтәи Аҟәа Sputnik аблакҭала
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит Ашықәс ҿыц азы Аҟәа аныҳәатә гәалаҟазара зныԥшуа афотоқәа. 28.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-28T22:00+0300
2025-12-28T22:00+0300
2025-12-29T00:39+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/18/1059994631_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_5d42b4af7d6191465d6cf22d7d1adc5d.jpg
Аҟәа 2026-тәи ашықәс ҿыц аԥылара аҽазыҟанаҵоит. Аԥсны аҳҭнықалақь амҩадуқәа арлашарбагақәа рыла иҩычоуп, аныҳәатә гәалаҟазаара урҭоит.Адәқьанқәеи, акаҳуажәырҭақәеи, ақьафурҭақәеи рыԥшәмацәа рҽазыршәоит анашанатә ҭагылазаашьа аԥҵара. Ахыбрақәа адәахьтәи рҿаԥшылара уаахнахратә аԥсамахәқәеи, ахәмаргақәеи, еиуеиԥшым арҩычагақәеи рыла идырԥшӡеит. Ахыбрақәа рышә аԥхьеи рыҩнуҵҟеи аԥсаӡҵлақәа рхианы идыргылеит.Атәыла аԥсаӡ хада Ахақәиҭра ашҭаҿы идыргылеит, уи акәша-мыкәша аныҳәатә ҭагылазаашьа аԥҵоуп. Шәҩыла аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи аамҭа ԥсыршьаган ирхыргарц, рфотосахьақәа ҭырхырц уахь инеиуеит.Аинформациатә маҵзура Sputnik еизнагеит Аҟәа ашықәсҿыцтәи агәалаҟара бзиа узҭо афотосахьақәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/18/1059994631_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_b78b7334d4749b0e6d62e7ab292d5a5d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны
фото, афотосахьақәа, аԥсны
Икәеицеиуа аԥсаӡҵлақәа: ашықәсҿыцтәи Аҟәа Sputnik аблакҭала
22:00 28.12.2025 (ирҿыцуп: 00:39 29.12.2025) Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит Ашықәс ҿыц азы Аҟәа аныҳәатә гәалаҟазара зныԥшуа афотоқәа.
Аҟәа 2026-тәи ашықәс ҿыц аԥылара аҽазыҟанаҵоит. Аԥсны аҳҭнықалақь амҩадуқәа арлашарбагақәа рыла иҩычоуп, аныҳәатә гәалаҟазаара урҭоит.
Адәқьанқәеи, акаҳуажәырҭақәеи, ақьафурҭақәеи рыԥшәмацәа рҽазыршәоит анашанатә ҭагылазаашьа аԥҵара. Ахыбрақәа адәахьтәи рҿаԥшылара уаахнахратә аԥсамахәқәеи, ахәмаргақәеи, еиуеиԥшым арҩычагақәеи рыла идырԥшӡеит. Ахыбрақәа рышә аԥхьеи рыҩнуҵҟеи аԥсаӡҵлақәа рхианы идыргылеит.
Атәыла аԥсаӡ хада Ахақәиҭра ашҭаҿы идыргылеит, уи акәша-мыкәша аныҳәатә ҭагылазаашьа аԥҵоуп. Шәҩыла аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи аамҭа ԥсыршьаган ирхыргарц, рфотосахьақәа ҭырхырц уахь инеиуеит.
Аинформациатә маҵзура Sputnik еизнагеит Аҟәа ашықәсҿыцтәи агәалаҟара бзиа узҭо афотосахьақәа.

Аԥсны аҳҭнықалақь Ашықәс ҿыц аныҳәа мчыбжьқәак шагыз аҽазыҟаҵара иалагеит.

Ауаа Ахақәиҭра ашҭахь иааиуеит аамҭа ԥсыршьаган ирхыргарц, рфотосахьақәа ҭырхырц.

Сынтәы иубартә иҟоуп аҟаԥшь аԥшшәқәа зегь раасҭа аԥыжәара шааннакылаз.

Аҳҭнықалақь ахыбрақәа дырԥшӡоит иблахкыгоу аԥсаӡҵлақәа рыла.

Адәқьанқәеи, акаҳуажәырҭақәеи, ақьафурҭақәеи илаԥшықәымҵакәан узрывымсуа идырԥшӡеит.

Ақалақь иахьабалак аҳра ауеит аныҳәатә ҭагылазаашьа.

Адәқьанқәа рыԥшәмацәа досу ишрылшо ала, ауааԥсыра дыршанхартә аҭагылазаашьа аԥырҵоит.

Аҵаа Бабаду иниаркны хәмарга хкыс иҟоу зегь рыла ирхиоуп ақалақь.

Ашықәсҿыцаз иҟоуп уаҩ иимбац "аԥсаӡгьы" ҟазҵо.

Ахақәиҭра ашҭаҿы аԥсаӡ хада еилаарцыруа аҭыԥ ааннакылахьеит.

Аҟәа Ашықәс ҿыц иаԥылоит.