00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
13:00
31 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Насыԥк амҵәыжәҩа сыҵагылоуп!" Мушьни Лашәриа диижьҭеи 88 шықәса аҵра иазкны

© Foto / из архива семьи Ласуриа Мушни Ласуриа
Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2026
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет, академик Мушьни Лашәриа диит ажьырныҳәа 16 1938 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Уижьҭеи иҵит 88 шықәса.
Дырмит ду сакәым, ма Баграт,
Убас хьыӡкамшәа Иуагь иакәзааит!..
Асаара среихырхәахьеит урҭ,
Ах са схазуп, схазызааит!
Мушьни Лашәриа
Иҟоуп апоетцәа иаалырҟьан ақәаршҩеиԥш ицәырҵуа, иаразнак еицгәарҭо, иҟоуп хәыҷы-хәыҷла, аамҭа ганы, имыццакӡакәа ицәырҵуа, аԥхьаҩ уи иҩымҭақәа шықәсыла рзыԥшра иқәзыршәо.
Апоет Мушьни Лашәриа актәи агәыԥ еиҳа даҵанакуеит, ирласны дцәырҵит, иаразнакгьы абаҩхатәра змоу поетк иаҳасабала деицгәарҭеит. Иҟалап, уи дахьеицгәарҭаз, ирҿиамҭақәа ашәҟәыҩҩцәа рабиԥарақәа реиҳабацәа иахьалыркааз иара даара амҵәыжәҩақәа инаҭазар, илымшашагьы илнаршазар. Сгәы иаанагоит, уи ирҿиара даара анырра ӷәӷәа аиҭеит ҳәа Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба. Иҟалап, убасеиԥш иҟаз алаԥшхаа ахьихыз азы акәзар иара ихатәы рҿиамҭақәа рнаҩысгьы, Пушкин дуӡӡа иажәеинраалоу ироман аиҭагарагьы зигәаӷьыз! Ҳлитератураҿы еицырдыруа ҳакритикцәа аӡәырҩы иазгәарҭахьеит адунеи иадыруа ари ароман еиуеԥшым аиҭагақәа аӷьараҳәа иаарывагылартә ишыҟоу!..
Мушьни Лашәриа аҭҵаарадырраҿгьы, акритикаҿгьы, аиҭагараҿгьы амбатәӡа аџьабаа ибеит, аха зегь реиҳа ирҿиамҭақәа рылукаартә иахьыҟоу апоезиаҿы ауп!
Сара схаҭа, ԥхьаҩык иаҳасабала, апоет заатәи ипоҽзиа даара пату сзақәуп, ҿырҳәала издыруа иажәеинраалақәагьы рацәоуп! Ҳара ҳанстудентцәаз, ибзиан исгәалашәоит, ҳаицлабны ҿырҳәала ҳаԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа еиҳа здыруа ҳәа ҳрыԥхьон, сара Баграт Шьынқәбеи, Мушьни Лшәриеи, Таиф Аџьбеи есымша "сҿырхуан", уа иара Мушьни бзиа ибаны ииҳәоз иажәақәа рыла иуҳәозар, цлабҩы дсымамызт!
Мушни Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2018
Мушьни Лашәриа: аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам
Апоет ԥсабаралагьы абаҩхатәра иман, убри инаԥшьынгьы, даара акыр ихы аус адиулон, ибзианы идыруан адунеитә литература, шамахак имаҷын дызмыԥхьацыз еицырдыруаз арҿиамҭа дуқәа. Алитератор шаҟа илаԥшҳәаа ҭбаау аҟара, убриаҟара ирҿиамҭақәагьы рхаҭабзеира ианыԥшуеит, иҩтәуи иҩтәыми, ажәеинраала злыҵуеи излымҵуеи, иаразнак идыруеит.
Мушьни Лашәриа иҟазшьа бзиақәа ируакын иҩымҭақәа даара игәы рызҭамкәа рцәырымгара, ажәеинраалаҿ аҵыхәтәантәи акәаԥ иргылон, иаҳәашаз зегьы асырҳәеит ҳәа игәы ианаанагоз аамҭазы!
Ҳаԥсуа критикаҿы Мушьни Лашәриа ирацәаны ҳлитератураҭҵааҩцәа астатиақәа изыркхьеит, иҭырҵаахьеит, иахцәажәахьеит инарҭбааны ирҿиара. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Шоҭа Салаҟаиа, Сергеи Зыхәба, Владимир Аҵнариа, Владимир Агрба, Владимир Занҭариа, Виачеслав Бигәаа уҳәа убас ирацәаҩны.
Мушьни Лшәриа ирҿиара аҭҵааҩцәа рахь дшьоуп, акырынтәгьы уи изкны астатиақәа иҩхьан акритик, алитератураҭҵааҩы Шоҭа Салаҟаиа. Абра иааҳгап апоет иналукааша иажәеинраалақәа еидызкыло ишәҟәқәа иреиуоу "Аҵеи уахь" аԥхьажәаҿы акритик иазгәаҭарақәа: "Иагьа убас акәзаргьы, ҷыдала иалкаан иазгәаҭатәуп Мушьни Лашәриа иԥсҭазааратә, ирҿиаратә мҩаҿы ихадоу апоезиа шакәу. Уи, иуҳәар ауеит, ихы инаркны ишьапаҟынӡа дпоетуп, идоуҳатә дунеи зегьы поезиала еибаркуп, поезиала иҳәаақәҵоуп ҳәа. Мушьни Лашәриа ипоезиа атемиатика амҽхак акыр иҭбаауп, ҵкар рацәала еилоуп. Араҟа лассы-лассы аҩымҭақәа рцәаҩа, рҟазшьа, ринтонациа рҽырыԥсахуеит, еиуеиԥшым ахәыцрақәа, агәаҳәарақәа, еиуеиԥшым ацәаныррақәа рыла иҭалаҳауп. Убас иҟоуп иаҳҳәап, хазы уаҩ иаликааша ифилософиатә, ипеизажтә, арҿиаҩы-апоет иҭыԥи асатиреи уҳәа ирызку илирика".
Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2024
Аԥсны
Жәлар ирылҵыз - жәлар ирзышәаҳәо: апоет Мушьни Лашәриа алитература аҳаракырахь имҩа
Апоет иажәеинраалақәа иреиӷьӡақәоу рахь иԥхьаӡоуп амҳаџьырра иазку иажәеинраала "Сҭампылтәи аџьармыкьаҿ". Агәаҟра иҭашәаз, уаҳа ԥсыхәа змауз аԥҳәыс ала-мала ухахь иузаамго ллымшара илнарҟаҵо ашьаҿа азхәыцра мацара угәы умнаҟьоит. Абраҟа иааҳгап уи ажәеинраала аҟынтәи ԥсра зқәым ацәаҳәақәа:
Лԥазаҵә дихәаԥшуан, дуазыруан,
Мап, илбомызт даҽа мҩак.
Даазхәоз тәыс дҟаиҵон, илдыруан,
Аха имоурыз ча-ҿаҵак?
- Сан, бызцәажәои ҭырқә бызшәала,
Арҭ зынӡа аԥсшәа рмаҳаӡои?
Былаӷырӡқәа зцои еиқәҳәала,
Сан, аҩныҟа ҳамцаӡои?
© Foto / Анатолий Лагулаа

Мушьни Лашәриа

Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
1/8

Мушьни Лашәриа

© Foto / Анатолий Лагулаа

Мушьни Лашәриа

Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
2/8

Мушьни Лашәриа

© Foto / Анатолий Лагулаа

Мушьни Лашәриа

Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
3/8

Мушьни Лашәриа

© Foto / Анатолий Лагулаа

Мушьни Лашәриа

Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
4/8

Мушьни Лашәриа

© Foto / Анатолий Лагулаа

Мушьни Лашәриа

Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
5/8

Мушьни Лашәриа

© Foto / Анатолий Лагулаа

Мушьни Лашәриа

Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
6/8

Мушьни Лашәриа

© Foto / Анатолий ЛагулааМушни Ласурия
Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны
7/8
Мушни Ласурия
© Foto / Анатолий Лагулаа

Мушьни Лашәриа

Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны
8/8

Мушьни Лашәриа

1/8

Мушьни Лашәриа

2/8

Мушьни Лашәриа

3/8

Мушьни Лашәриа

4/8

Мушьни Лашәриа

5/8

Мушьни Лашәриа

6/8

Мушьни Лашәриа

7/8
Мушни Ласурия
8/8

Мушьни Лашәриа

Мушьни Лашәриа аграждантә лирикаҿы зеиӷьҭам ажәеинраалақәа имоуп. Уи иаахтны иҳәаӡом аԥсадгьыл бзиа ишбатәу, ҳбызшәа пату шақәҵатәу, аха цәаҳәақәак рыла иуирбоит, убриаҟара инарҵаулан уазирхәыцуеит, ииашаҵәҟьан, убасҟан иузаатызшәа уԥсадгьыл аԥшӡареи убызшәа ахаареи.
Исҭахуп сара гәыкала умаҵ зуларц,
Зқьышықәса умра шгыло збаларц.
Аԥсны ԥшӡа,- скәалаԥ хәыҷ, сымаӡа зҭоу,
Аԥсны ԥшӡа, сдунеи ду, са исгәыӷырҭоу!..
Апоет аграждантә лирика аҿы еиԥш, абзиабаратә лирикаҿгьы ирҿиараҿы иуԥылоит ажәеинраала ссирқәа. Убраҟа акәзар ҟалап иара поетк иаҳасабала раԥхьаӡа дахьшәызгьы. Дарбану иззымдыруа иахьа ҳпоезиа бзиа избо ҳаԥхьаҩцәа рҟынтәи уи еицырдыруа илирикатә жәеинраалақәа: "Амаҵ буан бара уи ауха ачараҿы", "Аԥсыӡи аҵыси", "Аҽнынтәарак", "Схала, са схала", "Аҵх лашә иалсны исзааиуеит ба бсахьа", " Ус бындәылҟьеит суада бшьапқәа хтны", " Аихамҩаҿ". Иаагап урҭ рҟынтәи "Жанна" захьӡу ажәеинраалақәа рцикл ацыԥҵәаха:
Амшын хықәаҿ ҳара ҳаибадырит,
Нас ҳаиқәшәеит иахьыҟамыз амшын…
- О, издырит, уинахыс издырит,
Ааԥынрак аҿыхара иаҿын…
Аха са сҭагылоуп шьҭа ҩажәифба,
Бара уаанӡа быҟаӡам, избоит…
Жанна, быхьӡ ианаалаша арифма,
Ҩаԥхьа сқәыԥшра мшынны иаанагоит…
Апоет-академик Мушьни Лашәриа иажәеинраалала иҩу ироман "Аџьынџь" инаркны, ипоемақәа рҟынӡа, гәахәарыла узыхцәажәаша даара аҭынха ду аанижьит. Урҭ зегьы рыӡбахә ҭырҳәацааны статиа кьаҿк аҿы иузҳәом. Акызаҵәык, сара ҳмилаҭтә поет ду Мушьни Лшәриа иирамшазы иазгәасҭарц исҭаху, уи иахьа иԥсы ҭаны ижәлар дышрылагыламгьы, иаҳзынижьыз иҩымҭақәа есиуа ирыциуеит.
Занҭариа Мушьни Лашәриа изы: абаҩхатәра илан, аха ҵаралагьы даара дыӷәӷәан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2024
Арадио
Занҭариа Мушьни Лашәриа изы: абаҩхатәра илан, аха ҵаралагьы даара дыӷәӷәан
Ажәабжьқәа зегьы
0