https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15242
Аԥсны дааны дыҟоуп ҳзинқәа реилагаразы ЕАР аҿы аҳасабырба ҟазҵаз ҳџьынџьуаҩ Ельчин Аӡынԥҳа
Аԥсны дааны дыҟоуп ҳзинқәа реилагаразы ЕАР аҿы аҳасабырба ҟазҵаз ҳџьынџьуаҩ Ельчин Аӡынԥҳа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik. Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Афорум 18-тәи аилатәараҿы Аԥсны азинқәа реилагаразы аҳасабырба ҟазҵаз Ельчин Аӡынԥҳа лҭоурыхтә ԥсадгьыл... 01.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-01T15:37+0300
2026-02-01T15:37+0300
2026-02-01T18:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/01/1060774321_0:0:1281:720_1920x0_80_0_0_85fd61ecfb00f377e160bd62d54e9d74.jpg
АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik. Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Афорум 18-тәи аилатәараҿы Аԥсны азинқәа реилагаразы аҳасабырба ҟазҵаз Ельчин Аӡынԥҳа лҭоурыхтә ԥсадгьыл даҭааит.Лара даҭааит Гәдоуҭа С. Дбар ихьӡ зху аҳәынҭқрратә музеи. Уаҟа илзеиҭарҳәеит амузеи аҭоурых, илзымҩаԥыргеит аекскурсиа. "Амҳаџьырцәа" ирызку азал аҿы асас лзы Аҳәынҭқарратә ансамбль "Риҵа" инарыгӡеит "Шьышь нани" ашәа. Аӡынԥҳа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Аԥсны абзиабара лаб ишылиркыз. Лара лажәақәа рыла, дхәыҷы аахыс илылааӡоуп лҭоурыхтә ԥсадгьыли лыжәлари рзы дыҟазарц.Ельчин Аӡынԥҳа Аԥсны деицырдыруа дҟалеит, ԥхынҷкәынмза алагамҭазы Женева имҩаԥысуаз Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Афорум 18-тәи асессиаҿы иҟалҵаз ажәахә ашьҭахь.Лара дазааҭгылеит Аԥсны атәылауаа рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа, урҭ рзинқәа реилагара, ареспублика жәларбжьаратәи аиҟәыҭхара уҳәа уахь иналаҵаны. Иара убас, ихадароу азинқәа рыхьчаразы агуманитартә механизмқәа шхымԥадатәиу азгәалҭеит, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит аԥсуа документқәа азхамҵара ӡбашьақәак азырԥшаарц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/01/1060774321_142:0:1102:720_1920x0_80_0_0_9f95899c7a03e2d0f652f0335217562d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik. Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Афорум 18-тәи аилатәараҿы Аԥсны азинқәа реилагаразы аҳасабырба ҟазҵаз Ельчин Аӡынԥҳа лҭоурыхтә ԥсадгьыл даҭааит.
Лара даҭааит Гәдоуҭа С. Дбар ихьӡ зху аҳәынҭқрратә музеи. Уаҟа илзеиҭарҳәеит амузеи аҭоурых, илзымҩаԥыргеит аекскурсиа. "Амҳаџьырцәа" ирызку азал аҿы асас лзы Аҳәынҭқарратә ансамбль "Риҵа" инарыгӡеит "Шьышь нани" ашәа.
Аӡынԥҳа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Аԥсны абзиабара лаб ишылиркыз. Лара лажәақәа рыла, дхәыҷы аахыс илылааӡоуп лҭоурыхтә ԥсадгьыли лыжәлари рзы дыҟазарц.
Ельчин Аӡынԥҳа Аԥсны деицырдыруа дҟалеит, ԥхынҷкәынмза алагамҭазы Женева имҩаԥысуаз Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Афорум 18-тәи асессиаҿы иҟалҵаз ажәахә ашьҭахь.
Лара дазааҭгылеит Аԥсны атәылауаа рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа, урҭ рзинқәа реилагара, ареспублика жәларбжьаратәи аиҟәыҭхара уҳәа уахь иналаҵаны. Иара убас, ихадароу азинқәа рыхьчаразы агуманитартә механизмқәа шхымԥадатәиу азгәалҭеит, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит аԥсуа документқәа азхамҵара ӡбашьақәак азырԥшаарц.