Бадра Гәынба Сергеи Лавров Адипломатиатә усзуҩы имш идиныҳәалеит
12:19 10.02.2026 (ирҿыцуп: 12:31 10.02.2026)

© Foto / пресс-служба Администрации президента Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 10 — Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Адипломатиатә усзуҩы имш идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит, адунеи зегьы аҟны урыстәылатәи адипломатиатә маҵзура уи атрадициа бзиақәеи азанааҭтә школи аҳаҭыр ду шрымоу.
"Аглобалтә трансформациақәа имариам рҭагылазаашьақәа раан урыстәылатәи адипломатцәа аҩаӡарақәа зегьы рҿы апринципра ҳараки аҭакԥхықәреи аадырԥшуеит, Урыстәыла амилаҭтә интересқәа инеиԥынкыланы гәрахаҵарыла ирыхьчоит, адунеитә аренаҿы уи апозициақәа дырӷәӷәоит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.