Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль алахәхаразы аҽҭаҩра мҩаԥыслоит мшаԥы 30 рҟынӡа
19:12 11.02.2026 (ирҿыцуп: 20:13 11.02.2026)

© Sputnik / Павел Бедняков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 11 — Sputnik. Екатеринбург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль алахәхаразы аҽҭаҩра мҩаԥыслоит мшаԥы 30 рҟынӡа.
Афестиваль мҩаԥысуеит цәыббра 11-17 рзы Екатеринбург. Иалахәхаран иҟоуп 14 шықәса зхыҵуа инаркны 35 шықәса зхыҵуа рҟынӡа хә-нызқьҩык урыстәылауааи, аҳәаанырцәтәылауаа хә-нызқьҩык, иара убас Аԥсны атәылауаагьы уахь иналаҵаны. Азыҳәа анашьҭра алшоит асаит ахь.
Уи адагьы, Аԥсны — афестиваль апрограмма иахәҭакхоит. Афестиваль анхыркәшахалак ашьҭахь Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи рахь зықьҩык рҟынӡа аҳәаанырцәуаа аҭаауеит, урҭ аҭыԥ ԥшӡарақәа рбоит, рхазы иҿыцу акультуреи аҵасқәеи ҭырҵаауеит.