Асоветтә киноплакат ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
16:10 12.02.2026 (ирҿыцуп: 16:28 12.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 12 — Sputnik. Асоветтә киноплакат ацәыргақәҵа аатит Аҟәа.
Ибрагим Чкадуа урҭ 10 шықәса ҵуеит еизигоижьҭеи. Зегьы ирхыҵхырҭахеит Фазиль Искандер иҩымҭақәа ирылху асовет киносахьақәа, ашьҭахь аколлекциа хаҭәааит Аԥсны иазку афильмқәа ма Аԥсны иҭыхыз афильмқәа рыплакатқәа рыла.
Ruin Bar аҿы ицәыргоуп 20 инареиҳаны аплакатқәа, урҭ — Чкадуа иколлекциа имаҷӡоу ахәҭоуп. Аивент-менеџьер, ацәыргақәҵа аҳәаақәҵаҩ Екатерина Енықьԥҳа лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа аартра афильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҭыҵра 50 шықәса ахыҵра иазкуп.
"Аԥсны акиноиндустриа аус аҿы алшара дуқәа амоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Ҳара иаҳҭахуп ари атренд аҿы ҳаҟазарц, амҩа аҳҭаларц. Убри азы ари ацәыргақәҵа аҿы ҳаангылаӡом, аԥхын хымԥада иацҵахоит", — лҳәеит Енықьԥҳа.
Аекспозициа аартызаауеит жәабран 22 рҟынӡа.