00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:55
5 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:55
5 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҿар Рпарламент азхәыцра…

© Sputnik / Томас Тхайцук Президент проводит расширенное совещание по итогам 2022 года
Президент проводит расширенное совещание по итогам 2022 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2026
Анапаҵаҩра
Аҿар Рпарламент аԥҵаразы ацәажәарақәа цоижьҭеи ҩба-хԥа шықәса иреиҳауп. Уажәшьҭа аҿҳәара ааигәахеит уи ашьақәгыларазы. Жәлар Реизарахь инашьҭуп аҿар рарзаҳалқәа, имҩаԥысуеит иҷыдоу акомиссиа аусура.
Сара санҿаз иҟан акомсомол, усҟан уи амҩа ианысны анапхгаратә ҭыԥқәа, аполитикахь ицаз маҷыҩӡам. Иагыз ыҟазаргьы, акоммунистцәа аҿар ирыцклаԥшуан, ашколқәа рҿы иҟан акомсомол еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа, урҭ араион анапхгараҿы лассы-лассы ицаны аихшьаалақәа мҩаԥыргон, иқәгылон зҳәаз еиԥш, иҟан алшара аполитикахь амҩа аныларазы.
Аҳәара сцәыуадаҩуп еснагь абзиаӡақәа амҩа роуан ҳәа, аха акырџьара уи асистема иааӡаз аполитикаҿы, ауажәларратә усқәа рҿы ажәлар ирҿахәҳәаганы ишыҟалаз маӡам. Асовет еидгыла анеилаҳа нахыс, аҿар реидгылақәа зышьақәымгылеит, урҭ еиҳарак апартиақәа рҿы иаацәырҵлоит, аха рлҵшәақәа еснагь удыргәырӷьом, асистема шыҟоу ала, аҿар излоу апартиақәа рҿахәоуп ирҳәо, иҿыцу аидеиақәа аполемика иахыжьны аԥсҭазаараҿы иаладырҵәо иҟалеит, апрофессионалтә политика иазыҟаҵоуп ҳәа аҳәарагьы уадаҩахеит.
Схәыцрақәа аскептикатә ҟазшьа рнызбаалозаргьы, еснагь иҟоуп гәыӷрак, издыруада, иҳадыргало Аҿар Рпарламент иалшар ҳәа иҿыцу аполитикатә хаҿқәа рцәыргара? Издыруада ҳәа схы сазҵаауа иара иазыԥҵәоу аԥҟарақәа срыԥхьеит, нас исызцәырҵыз азҵаарақәа реилкааразы сҿынасхеит.
Аполитика занааҭуп, уи иаҭахуп адырреи, аԥышәеи, аҵареи. Жәлар Реизара иҳаднагало ашәҟәы ишаҳәо ала Аҿар Рпарламент аԥҵара хықәкыс иамоуп "аҿар рыбжьара азакәанԥҵара ашьҭкааразы алшарақәа, жәларбжьаратәи апарламенттә еимадарақәа, иара убас, ҳтәылаҿы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реимадара аҭҵаара" уҳәа рзы, аҿар аԥышәа ахьышьҭыркааша аиҿкаара аԥҵара. Даҽакала иаҳҳәозар, аԥсуа политика аҿар аҵагыларц.
Жәлар Реизара адепутат, Аҿар Рпарламент аҿы алхратә комиссиа ахантәаҩы Инар Саӡба изныкымкәа ахҳәаақәа ҟаиҵахьеит, аха саргьы сызҵаарақәа рҭак аҟаҵара мап ацәимкит.
Ари аидеиа ацәырҵшьеи ахықәки рзы абас саҭеикит адепутат Саӡба: "Апарламент 7-тәи ааԥхьара аусура ианалага ашьҭахь абра апараламент аҿы аус зуаз аҿар Илиа Чехьериа аԥхьа днаргыланы агәыԥ рыман, убарҭ ридеиа акәын. Аҿар Рпарламент адунеижәларбжьаратәи ԥышәоуп. Урыстәыла арегионқәа рҿы рхатәы аҿар рпарламентқәа рымоуп. Аидеиа атәы ҳҳәозар, аҿар аполитика ралагалара ауп. Жәлар Реизара ахада Лаша Ашәбеи сареи абри аидеиа аӡыргара аныҟаз ҳнеит. Ҳаргьы аҿар рахь ҳаҵанакуеит ҳәа ҳхы иаҳнарбоит аҟынтә, ҳазхәыцит ҳадгыларц. Хаҭала, са стәы сҳәозар, апарламент аҿы уанааиуа имаҷымкәа азҵаарақәа узцәырҵуеит. Сара салырхаанӡа адепутат ицхырааҩ иаҳасабала ҩышықәса аԥышәа сыман, уи адагьы шықәсык араион адепутатс сыҟан, аха апарламент аҿы аусуразы уи аԥышәа узхаӡом...".
Инар Саӡба игәаанагарала, ауаҩы дышқәыԥшӡоу иҭиҵаалар, ихы ԥишәалар ахәҭоуп.
Олег Дамениа дфилософуп, "Ахьтәы парламент" ҳәа ззырҳәо аҿы аус иухьеит, убарҭқәа рыдагьы амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара акыр дазааԥсахьан ианиааз, иахьагьы игәаанагара иҳәоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы.
Дамениа сиазҵааит Аҿар Рпарламент азы гәаанагарас имоу, уи аԥеиԥш дшахәаԥшуа. Заагьы ишәасҳәоит, иара оптимизм дук шимам уи азы: "Адиплом имоуп мацара ҳәа ауаҩы аҳәынҭқарра амаҵурахьы инагара, даараӡа игха дууп. Ҳәарада, Аҿар Рпарламент ицәырнагар алшоит хра злоу. Иалшоит, аха иахьа ауаажәларра ишьақәдыргылаӡом ус иҟоу ауаа, аҳәынҭқарратә чынуаҩ иҭыԥ аанызкылаша. Аибашьраҿы аиааира ҳгеит, Аконституциа ҳадаҳкылеит, апарламент ҳҳәеит, апрезидент ҳҳәеит, аха иахьа ауаа ҳамаӡам. Ауардын ҟаҵаны, иҵаукуа ацәқәа умамзар, ууардын иалухи?", - абас зҵаарала аҭак ҟаиҵеит афилософ.
Олег Нестор-иԥа игәаанагара амакра уадаҩуп, иара имаз иԥышәеи, иоуз иҵареи дрыԥшны дазхәыцуеит ипрофессионалтәу ауаа рааӡара. Аҵара ҳәа Дамениа дызлацәажәо адиплом мацара акәӡам, иақәнагоу апрофессионалтә дырреи азыҟаҵареи роуп. Иара ҿырԥштәыс иааигеит Урыстәыла аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟоу "Афинанстә университет".
Афилософ иҳәеит, уи баша ишыӡбым, уаҟа ишырааӡо аҳәынҭқарра ԥхьаҟа ҵәатәышьаҟаны иаҵагылаша ауаа. "Ԥхьаҟа амаҵура зырҭо убри адиплом икызароуп. Уи ашьҭахьгьы, ма адиссертациа иҩыроуп, ԥышәак имазароуп. Аҳәынҭқарра иамазароуп ахатәы факультет. Актәи акурс инаркны аҳәынҭқарра ӡырызго азҵаарақәа ирызкны алекциақәа ирыԥхьалароуп, ажәакала аҵара ддырҵароуп. Убри ашьҭахь ауп адепутатра, ма аҳәынҭқарратә усбааҭахь ихы анирхо ауаҩы", – абас иҳәеит Дамениа аполитикаҿы азыҟаҵара бзиа змоу ауаа шаҭаху ҳардыруа.
Аҿар Рпарламент закәу, изаҭахыи, хәарҭас иалоу: адепутат игәаанагара - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2026
Арадио
Аҿар Рпарламент закәу, изаҭахыи, хәарҭас иалоу: адепутат игәаанагара
Аԥсуа ԥышәа ҳазхьаԥшуазар, изныкымкәа иаҳбахьеит, џьаргьы аус зымуц, аԥышәа змам анапхгараҭарахьы, адепутарахь амҩа анылихуа. Даҽакала иаҳҳәозар, ҵарадыррала еибыҭам ауаа акариера аҟаҵаразы ԥынгыла дукгьы рымам.
Инар Саӡба иакәзар, Дамениа апрофессионализм ҳәа зыӡбахә имоу агәаанагара дадгылоит, аха макьаназы уи аганахь ҳалшарақәа рацәам ҳәа дазхәыцуеит, Аҿар Рпарламет ахацыркра иадгыло иаҳасабала.
"Уи еиҳа ибзиоуп ҳәарада, иҷыдоу акурсқәа аҿар ахьахысша ҳамазароуп, аха иахьа иҳалшома? Апрофессионалтә шьаҭа аҩаӡара ҳаракны иаҳҭахызар, Дамениа ишиҳәо иҟазароуп", - иҳәеит Саӡба.
Ус акәзаргьы, адепутат игәаанагарала, зегь рыла ҳаикәшәшәа ҳҟалаанаӡа аҿар ирыҭатәуп алшара ахԥышәаразы. Аҿар Рпарламент аилазарахь инеир алшоит 18 зхыҵуа инадыркны 30 шықәса зхыҵуа рҟынӡа. Аиашазы, сара изыҩуа жәаа маҷысшьоит, ас иқәыԥшу ауаҩы макьаназы аҵара иҵалароуп.
Саӡба исҭеит сгәы еихьызшьыз азҵаара аҭак. Абар иара дышхәыцуа: "Ақәра азҵаара анҳазцәырҵ, азакәан ишаҳәо ала, аҿар рахь иаҵанакуеит 18 инаркны 35 шықәса зхыҵуа рҟынӡа. Зегь раԥхьаӡа уи ҳахәаԥшит, аха 35 шықәса зхыҵуа Жәлар Реизарахь депутатс дцар ауеит, убри ҳазхәыцны 30 рҟынӡа иҳармаҷит. Раԥхьатәи атрамплин азы иҟазар ауеит. Иҟоуп аҿырԥштәқәа, 18, 19 рҟынӡа зхыҵуа аԥышәа бзиа рыманы ианыҟало, убри аҟынтә, 18 зхыҵуагьы ашанс рымазароуп. Хәҩык, жәаҩык иазыҟаҵоу ҳаургьы, имаҷӡам. Иахьа аиашазы аплатформа рымаӡам аҿар. Абри анрылаҳҳәа ицәырҵит збызшәа здыруа, аҵара змоу. Ҳара арсҟаҩык ыҟоуп ҳәа ҳаҟаӡамызт. Арзаҳалқәа 60 инареиҳаны иҳауит, 17-ҩык алаҳхуеит. Иҵегь еиҳазар еиӷьын, избанзар араионқәа рҟынтәи аасҭа аҟәаа еиҳауп".
Абраҟа Саӡба ииҳәаз сазнархәыцит, ииашаҵәҟьаны хәҩык, ма жәаҩык рҟынӡа зыхшыҩ ҵару ауаа алнаԥшаар Аҿар Рпарламент?
Олег Дамениа иакәзар, ихәыцра абас иҟоуп Аҿар Рпарламент азы, иаӷьцәазаргьы, ишәыдызгалоит: "Сара сшазнеиуа ишеилыскаауа ала, агәра гангьы сыҟоуп – ари хаԥшьгарак иаҩызоуп. Аҳәынҭқарратә чынуаҩ имазароуп иҷыдоу аҵара. Еиҭасҳәоит, ачынуаҩра иашьашәалоу аҵара дахысроуп. Уажәы имодаханы иҟоуп ишакәхалакгьы ҳәа аҿар еизганы акружок ҳасабла реидкылара. Арҵара анаҳҳәа, абри ахәыҷы актәи акласс аҿы даннеиуа аҩышьа шидырҵо еиԥш, убас аҵара ирҵатәуп ауаҩы – аҳәынҭқарра закәу идыруазароуп, ажәлар закәу идыруазароуп, урҭ рымаҵ аушьа иамоу амаругақәа зегьы иҭҵааны, ишьақәырӷәӷәаны ихдырраҟны иҟазароуп. Аҿар аудиториа аҟны итәаны, алекциа иазыӡыҩрны, ианҵаны, асеминар аҿгьы иқәгыланы ицәажәо, 5 шықәса еиҵамкәа аҵара роуроуп. Адиплом имазароуп ауаҩы – уа ианызароуп актәи акурс шаиркыз, аҩбатәи уҳәа, иҭиҵааз, ииҵаз амаҭәарқәа зегьы реихшьаала ыҟазароуп".
Аҿар Рпарламент иану аԥҟарақәа рыла, дара хышықәса ҿҳәарас ирымоуп, насгьы русуразы аулафахәы роуӡом, ауаажәларратә ҟазшьа амоуп. Абраҟа иану аԥҟарақәа рҿы иалкааӡам аҳәынҭқарратә бызшәа адырразы ахәҭаҷ, уи ҳбызшәа зҭагылоу ашәарҭара аганахьала хшыҩзышьҭра аҭазар ахәҭан.
Инар Саӡба исызцәырҵыз ашәарҭаразы абас саҭеикит: "Ҳара Аҿар Рпарламент азы ҳанеицәажәоз ари азҵаара ҳазцәырҵит. Аха, ашәҟәаҿы иаҳмырбаӡеит ахалархәразы зегьы алшара роурц, аха уи аԥыжәара аҳҭоит хымԥада. Аиҿцәажәара анымҩаԥаҳго, хаҭала сара ахантәаҩы иаҳасабала ахшыҩзышьҭра асҭоит, уи атәы сҳәахьеит уаанӡагьы ажурналистцәа санрацәажәоз. Аԥсуа бызшәа идыруазар балк изацлар алшоит акандидат, иаҳҳәап лшарала дзеицлабуа драҟаразар, ма деиҳазар. Зегь рыла еиҟароуп акандидатцәа иаҳҳәап, аха аԥсшәа здыруа балк еиҳаны иоур алшоит".
Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2026
Аԥсны
Аҿар Рпарламент ахь акандидатцәа рықәыргыларазы 60 инареиҳаны азыҳәақәа нашьҭуп
Ус акәзарагьы, сара сгәаанагарала ари ԥҟараны Аҿар Рпарламент иазку ашәҟәы аҿы ҷыдала иалкаазар ауан. Аԥеиԥш саназхәыцуаз исызцәырҵит даҽа зҵааракгьы. Сжурналисттә ԥышәаҿы акырынтә исԥыхьашәахьеит ацәажәара злымшо адепутатцәа. Аполитикаҿы ажәаҳәатә культура акраҵанакуеит. Аҭоурых ҳазхьаԥшуазар, ажәытәан Бырзентәыла аицлабрақәа мҩаԥыргон, аӡырҩцәа еиҳа еилыкка раԥхьа ақәгылара зылшо ҳәа.
Инар Саӡба дсықәшаҳаҭхеит ари азҵаараҿы, иагьсирдырит уи ишазхәыцыз: "Арзаҳал анаарышьҭуа, игәашәҭазар авидеонҵамҭа ацзароуп. Изаҳҭахузеи абри? Зегь раԥхьаӡа иргыланы ицәажәашьа ҳбарц, атекст даԥхьозаргьы, иубоит данцәажәо иажәаҳәатә культура зеиԥшроу".
Аҿар Рпарламент макьана еиҿкаӡам, алхрақәа хыркәшаны русура хацдыркыр, иалшоит ҳазқәымгәыӷуа абзиарақәа цәырҵыргьы. Олег Нестор-иԥа Дамениа ари азҵаараҿы игәыӷрақәа рацәамзаргьы, хаҭала сара еиҳа аԥеиԥш аҿызбаарашәа збо салагеит.
Ари аидеиа адгылара азҭаз Инар Саӡбеи сареи ҳаицәажәара хыркәшо сиазҵааит, алхрақәа рылҵшәақәа рҿы "аҭелтә зин" (телефоннное право) ҳәа изышьҭоу анырра ҟанаҵар алшома ҳәа? Дааԥышәарччан, адепутат абас саҭеикит: "Ари дасит, ани дасит ҳәа аҟаҵара иаҳзаԥсаӡам. Ҳара иеибаҳҳәеит аицлабра ишахәҭоу имҩаԥаҳгарц, ҳара ҳзы иԥхашьарахоит еиӷьу аҿар алҳамхыр. Ауаа иаразнак ирбоит уи. Аҿар рхаҭа ирдыруеит икәаԥӡа, ани диԥоуп, ари диԥоуп ҳәа аус ҳуа ҳалагар агәрагара ҳцәыӡуеит".
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0