00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Ақьырсиандинхаҵаҩцәа аҿбаара иҵалеит: аб Никита ихҳәаа
13:19
3 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш: Аԥсны Афырхаҵа иҿцәажәара
13:23
4 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
"Ҳахьнанагаз": Мооore TV апроект автор иҿцәажәара
13:43
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: апрокурорцәа реилатәара, RT Амедиашкол, Аҟәа иҟалаз ахысра

© Sputnik / Томас ТхайцукГенеральная прокуратура
Генеральная прокуратура - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2026
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит жәабран 16-22 рзы ареспубликаҿы иҟалаз еиҳа аҵакы змоу ахҭысқәа есымчыбжьатәи рыхҳәаа.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба атәыла апрокуратура аусура хәшьарас иеиҭаз, 2025 шықәсазы ацәгьоурақәа шаҟа уз, шаҟа амҩатә машәыр ҟалаз, Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ахысраан ахәрақәа зауз, уи инамаданы аҳәынҭқарра ахада иарбан напынҵақәоу ириҭаз, абарҭқәа ртәы инарҭбааны шәаԥхьа есымчыбжьатәи Sputnik ахҳәааҿы.

Апрокурорцәа реилатәара

Иҳаҩсыз ахашаҽны Аԥсны Апрокуратура хада аилатәара мҩаԥысит, уи далахәын атәыла ахада Бадра Гәынба. Апрокурор хада Адгәыр Агрба иҟаиҵаз аҳасабырбаҿы ишазгәеиҭаз ала, 2025 шықәсазы ареспубликаҿы ацәгьоурақәа 630 ашәҟәы иҭагалан.
"Аԥхьагылара" аиуит Аҟәа. Ара 175 цәгьоура ҟалеит, 2024 шықәса ари аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аасҭа 19 цәгьоура рыла еиҳауп.
Ихьанҭоуи еиҳа ихьанҭоуи ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара 8 рыла иазҳаит, зынӡа азеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи ари ацәгьоурахкы иаҵанакуеит 213 хҭыс. Урҭ рҟнытә 83,1% аартуп.
Иара убас, аҳасабырбақәа ҟарҵеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рпрокурорцәа зегьы, иара убас арратә, аекологиатә, атранспорттә прокурорцәа.
Аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо дықәгылеит Бадра Гәынба. Иазгәеиҭеит Аԥсны ацәгьоура хьанҭақәа раарпшраз имҩаԥгоу аусурақәа ахәшьара ишаԥсоу.
Иара иазгәеиҭеит ацәгьоура аҿагылара ари ацәгьоурақәа рыԥшаара мацара акәымкәа, уи ишпрофилактикатә усуроу. Иҳәеит ишхадоу апрокуратуреи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, аӡбарҭақәеи русеицура.
Аҳәынҭқарра ахада ҷыдала иазгәеиҭеит акоррупциа аҿагылара, азакәанхьчаратә усбарҭақәа уи ахшыҩзышьҭра арҭарац анапынҵа риҭеит.

Аԥацхаҿы ахысрақәа

Аԥсны ԥыхьатәи апрокурор хада Ешсоу Какалиа асабша, жәабран 21 азы Аҟәа, амилаҭтә крыфарҭаҿы иҟалаз ахысрақәа раан ахәрақәа иоуит.
Эшсоу Какалия получил огнестрельное ранение в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2026
Аԥсны
Ешсоу Какалиа бџьармцалатәи ахәра иоуит Аҟәа
Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура аҳәамҭа аланарҵәеит Бадра Гәынба Ешсоу Какалиа ихәра иадҳәалоу аусеилыргара хаҭала дшахылаԥшуа, азинхьчаратә усбарҭақәа анапынҵа шриҭаз иахәҭоу аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы рымҩаԥгаразы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут ахысра инамаданы аоперативтә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҳҭнықалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашәарҭарардырра рыҭан, ирылаҳәан аанкыларатә усмҩаԥгатә.
Аусҭҵааҩцәа раԥхьатәи аҭҵаара мҩаԥыргеит, ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ гәарҭеит, ахҭыс аҭагылазаашьақәа зегьы шьақәдыргылеит.
"Шәара шәҟынтә аусеилыргара обиективла азнеиреи, аҭагылазаашьақәа зегьы ирласны иҭышәҵаарац азы адҵа ҟасҵоит", — ҳәа иҳәеит Кьиут.
Роберт Киут  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2026
Аԥсны
Роберт Кьиут Ешсоу Какалиа ахысраан иоуз ахәра инамаданы аоперативтә еилатәара мҩаԥигеит
Анаҩс еилкаахеит ашьаус шаарту азеиԥш шәарҭаратә знеишьала гәыԥҩык ауаа Аҟәа инхо Ешсоу Какалиа ааха ӷәӷәа иҭареи, иара убасгьы закәаншьаҭада абџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзы.
Жәабран 22 рзы Какалиа Е.И. ааха ӷәӷәа изҭаз ҳәа агәҩарас иҟоу Гәыргәлиа А.А. дааныркылеит азинхьчаҩцәа.

Апарламент аилатәара

Иҳаҩсыз аԥшьашаҽны Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит. Апарламент адепутатцәа ирыдыркылаз аӡбарала, апарламент аҩнуҵҟа иҟалаз ахысрақәа раан иҭахаз адепутат Вахтанг Голанӡиа изинмчхарақәа заа иаанкылан.
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2026
Аԥсны
Аԥсны Жәлар Реизара уаанӡатәи адепутат Вахтанг Гәаланӡиа изинмчрақәа заанаҵы иаанкылоуп
Азакәанԥҵара инақәыршәаны АКХ ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа ишьақәнарӷәӷәароуп 30-тәи Кәтолтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы алхра ҿыцқәа рымҩаԥгара.

Иара убасгьы Аԥсны Апарламент заанаҵы адепутат Герман Каҷараа изинмчхарақәа ааннакылеит Тҟәарчал ахада инапынҵақәа рынагӡаразы дахьаҭоу инамаданы.
Парламент РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2026
Аԥсны
Аԥсны Апарламент заанаҵы адепутат Герман Каҷараа изинмчхарақәа ааннакылеит
Уи адагьы Жәлар Реизара адепутатцәа Аҟәатәи уаанӡатәи асанаториақәа МВО-и ПВО-и официалла урыстәылатәи арратә база алгаразы рыбжьы рҭиит.
Уи азы аиҭакрақәа Апарламент адепутатцәа Аԥсны иҟоу еиду урыстәылатәи арратә база азы аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагаларазы аԥкаанҵа ашьақәырӷәӷәаразы азакәан иаларгалеит.

Ар ахьгылоу аҭыԥқәа рсиа иалагалахоит иара абри аҵакыраҿы иҟоу аимадарҭа. Иара ҩ-гектарк рҟынӡа зҵазкуа ҭыԥуп.
Мост через реку Басла, связывающий набережную Махаджиров с санаториями МВО и ПВО, открыли в Сухуме.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2026
Аԥсны
Аҟәа иҟоу санаториақәа МВО-и ПВО-и урыстәылатәи арратә база ахьгылоу аҭыԥқәа рсиа иалгоуп

Аиашьаратә еиԥылара

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц усуратә ныҟәарыла Аахыҵ Уаԥстәылаҟа даҭааит.
Цхьынвал имҩаԥысит Аахыҵ Уаԥстәыла ахадеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистри реиԥылара.
Алан Гаглоев иазгәеиҭеит аҩ-республикак рыжәҩа еибыҭаны имариамыз ашьақәгыларатә мҩа ишеицанысыз.
"2008 шықәса иҿыцу ԥхьаӡаратә кәаԥны иҟалеит. Урыстәылатәи Афедерациагьы ҳазхазҵаз егьырҭ атәылақәагьы иахьа ҳреспубликақәа адгылара рырҭоит. Ҳара иахьа шьҭа Урыстәылатәи Афедерациа астратегиатә партниор иаҳасаб ала ԥхьаҟа ҳнеиуеит. Даҽазныкгьы ишьақәҳарӷәӷәар акәхоит ҳҭоурых ахҩылаара аӡәгьы ишилҳмыршо", — иҳәеит иара аԥсуа делегациа аԥсшәа раҳәо.
Олег Барцыц иакәзар иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ихадоу азҵаарақәа рзы рпозициақәа шеиқәшәо, реинырра аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра ӷәӷәақәа шьаҭас ишрымоу.
Атәыла ахада Алан Гаглоев Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла Аиҩызара аорден ианеишьеит. Аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи АдәАР астратегиатә усеицуразы Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганбеи "Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ашьақәгылара 35 шықәса ахыҵра" иазку амедалқәа ранаршьеит.
Жәабран 17 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Ахсар Џьиоеви 2026-2027 шықәсазтәи абжьгарақәа руснагӡа рнапы аҵариҩит.

RT Амедиашкол

Жәабран 17-18 рзы Аԥсны имҩаԥысит RT Амедиашкол. Алекциақәа актәи рыхәҭа Аҟәа имҩаԥысит. Аоператор Максим Сиротин еиҭеиҳәеит амобилтә ҭел ала "адәаҿы" ииашаны ишҭыхтәу, акадр аинтерес аҵаны, адинамика аманы ишыҟаҵатәу, асмартфон апрофессионалтә камера шьаҭанкыла аԥсахра алшо иалымшо.
Анаҩс алекциақәа ирыцҵан Гагра, уаҟа асоциалтә ҳақәа рҿы астратегиатә коммуникациақәеи аӡыргареи рмаҵзура анапхгаҩы Антон Арасланов Telegram аҿы ауаа радԥхьаларазы аусура иамоу аҷыдарақәа ирызкны алекциа мҩаԥигеит.
Медиашкола RT в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2026
Аԥсны
Аԥсны RT Амедиашкол аҩбатәи амш хыркәшахеит
Ашкол иҷыдоу сасны даҭааит RT, ЖәАМ "Россия сегодня" рредактор хада Маргарита Симониан. Уи лԥылара мҩаԥысит "азҵаара–аҭак" аформат ала.
Симониан еиҭалҳәеит корреспондентк лыҳасабала лусура напхгаҩыс лыҟазаара ишацхрааз, хра злоу ажәабжьқәа рымацара рыдагьы егьырҭ ажәабжьқәагьы шыхадоу, ажурналистцәа атәылаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбара ишацхраауа, амедиатә бызшәа аҽшаԥсахуа, аурыс классика аԥхьара заҭаху.
Ашкол аихшьаалақәа рыла алахәылацәа асертификатқәеи аҳамҭақәеи рырҭеит.

Аҵарауаа ҿарацәа рзы асеминар

Жәабран 17 рзы имҩаԥысит Аԥсны ахада иҟны иҟоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак злахәыз асеминар-еилацәажәара.
Астол гьежь "Аҭҵаарадырратә еилазаара аҿиара: аҭахрақәа, акадрқәа, аплатформатә маругақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Урыстәылеи рҵарауааи рекспертцәеи ажәахәқәа ҟарҵеит.
"Иааидкыланы аиныррабзиа ҟалеит, еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа азгәаҭоуп, аидеиа ҿыцқәа цәырҵит – урҭ ашәҟәы иарбоуп. Сара сгәанала, хара имгакәа хәҭа-хәҭала инагӡоу, мамзаргьы инагӡатәхо аидеиа ҿыцқәа ҳарзыхынҳәуеит", — иҳәеит "Аԥсны акоманда" адиректор хада Георги Габуниа.
Аиԥылара еиҿыркааит: ИАЕ "Аԥсны акоманда", аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" Анапхгаратә ҟазарҭа "Сенеж".

Аҭыԥԥшьаныҟәарақәа ртуризм

Аԥсны аҭыԥԥшьаныҟәарақәа атуризм аҿиаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Атуризм аминистрра.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи, Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аиереи Виссариони, "Аиашахаҵаратә гуманитартә миссиа" афонд ахантәаҩы Павел Карпухини.
Иара хықәкыс иамоуп аҭыԥԥшьаныҟәарақәа рхырхарҭақәа рырҿиара, Аԥсны адинтә туризм ацентр аҳасабала аӡыргара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара.
Аԥсны аҭыԥԥшьаныҟәарақәа атуризм аҿиараазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2026
Аԥсны
Аԥсны аҭыԥԥшьаныҟәарақәа атуризм аҿиараазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Ажәабжьқәа зегьы
0