https://sputnik-abkhazia.info/20260226/azhlar-rakh-itsyryrgo-aabzt-nyaraa-rymaysshazy-agaanagara-1061302770.html
Ажәлар рахь ицәырырго ақьабзтә ныҳәарақәа рымҩаԥысшьазы агәаанагара
Ажәлар рахь ицәырырго ақьабзтә ныҳәарақәа рымҩаԥысшьазы агәаанагара
Sputnik Аҧсны
"Аԥсуа жәлар рамзар" – абас ахьӡҵаны 2018 шықәсазы "Sputnik Аԥсны" аҟны ихацыркын аԥсуа жәлар рныҳәарақәеи рқьабзқәеи ирызкыз схатәы материалқәа рцикл. Ари... 26.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-26T09:00+0300
2026-02-26T09:00+0300
2026-02-26T09:00+0300
аԥсны
агәаанагара
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101689/52/1016895277_0:317:6016:3701_1920x0_80_0_0_04d32c3aa03152c86199c86170716ec2.jpg
"Аԥсуа жәлар рамзар" – абас ахьӡҵаны 2018 шықәсазы "Sputnik Аԥсны" аҟны ихацыркын аԥсуа жәлар рныҳәарақәеи рқьабзқәеи ирызкыз схатәы материалқәа рцикл. Ари аинформациатә маҵзура адгыларала еидкылан Аԥсны араионқәа, ақыҭақәа рҟынтәи иахьауажәраанӡа ҳажәлар еиқәырханы иаарго ҳатрадициатә культура аазырԥшуа хыԥхьаӡара рацәала аудио, авидео, афотоматериалқәа. Ианҵаз, ицәыргаз аматериалқәа зегьы реиқәыԥхьаӡара салагом, урҭ уаҩы ибаратәы асаит аҟны ишҭагалоу ала. Ҳәарада ирыгыз, ирыбзаз маҷым, аха урҭ ихадараз рхықәкы ҳажәлар ркультура амырӡра, аиқәырхара, иззымдыруа дырҳара, ҳауаажәлар рыҩнуҵҟа аларҵәара аҭара ицәгьамкәа инанагӡеит ҳәа сгәы иаанагоит. Уи азы шаҳаҭра руеит лассы-лассы исзызыҩуаз, иазҵаауаз ауаа ахьырыцәахаз. Уимоу арҭ еиуеиԥшым аныҳәарақәа аанзыжьхьазгьы ҿыц ихацыркны иахьалагаз, ишԥаҟаҳҵари ҳәа иазҵаауаз ҟалеит. Ҳаамҭазы ари аганахьала имҩаԥысуа ахҭысқәа сыбжьы ақәыргара уалны исыԥхьаӡеит.Аԥсны жәытәнатә аахижьҭеи инхоит милаҭрацәала ауаа. Аԥсуаа еснагь егьырҭ амилаҭқәа ирзыразын, аӡәы идин, ма иҵас, иқьабз иаҿамгылац, ҳаҭырқәҵарала еицынхоит. Дарбанзаалак ауаҩы дахьынхозаалак азин имоуп идин иаҵанакуа иҵасқәа, иқьабзқәа рымҩаԥгара. Аха ақьабзқәа ирымоуп рхатәы "маӡа" (ус уҳәар ауазар), дара рсакралтә ҟазшьа – изызку, изыдҳәалоу ауаа (аҭаацәара, ажәлантә, аиашьара, амилаҭ) инадыркны дара ахьымҩаԥырго аҭыԥ (адгьыл) аҟынӡа. Иацу акәамаҵамақәа даараӡа ирацәоуп, аныҳәарақәа мҩаԥызго уи иқәныҟәоит, ирдыруеит.Иахьа имҩаԥысуа, ҳакәша-мыкәша ҳала иабо иалагаз еиуеиԥшым амилаҭқәа рныҳәарақәа ашоутә ҟазшьа рыҭаны аҳҭнықалақь Аҟәа агәаны аума, мамзаргьы ақалақь иналганы аума рымҩаԥгара зынӡаскгьы жәлар рамзар ала имҩаԥырго ақьабзқәа ҳәа ззаҳҳәо рааигәара иҟаӡам. Иалкааны иазгәасҭар сҭахуп, дара мҩаԥызго, изтәу амилаҭқәагьы ркультура ацәаҩа шыбжьнахуа. Амилаҭқәа зегьы ирымоуп дара иртәышьҭроу рхатәы культура дуӡӡа. Ауаа рацәа алархәны ақьабзтә ныҳәа амҩаԥгара ухахьы иануга, уи аиҿкаашьа, амҩаԥгашьа инагӡаны иҭҵааны иумазароуп. Ҿырԥштәык мацара, иаҳҳәап, амифологиа беиаӡа змоу аславиан жәлар ркультура ашьаҭа дуӡӡа амоуп. Иахьа ҳара ҳамшын аҟәараҿы имҩаԥырго "Масленица" дара зтәу ажәлар рхаҭа издырҳәало зынӡаск даҽа ҭыԥуп: амшын иадҳәалам, ақалақьгьы иаҟәыҭханы, уаҩы иахьиҿырҳасырҭам ԥсҭак аҟны ауп иахьымҩаԥырго, амца здыркуагьы иара зыдҳәалоу аԥсабаратә ҭыԥ ахь инылганы ауп ишыҟарҵо.Иҩбахаз, ҳара иаҳбарҭан иҟалеит, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы лассы-лассы зымҩаԥгара иалагаз "ашоу-қьабзқәа" рҟны џьоукы иԥшӡамкәа рхы аадырԥшуа ишыҟалаз. Аԥсуа еснагь изакәызаалак ачаӷьа пату изақәуп, уара иутәыз, атәым итәыз, иаӷа ичысҵәҟьа дақәԥалаӡом, пату ақәҵан дазныҟәоит. Ааигәа убас иԥшӡамкәа ахымҩаԥгашьа ацны иҟалеит ачарӡ аигәыдҵара аҟынӡа иахьнеиз. Аныҳәарақәа рҟны ачыс агьама абара имҩаԥысуа ақьабз иахәҭакуп, иагьыхадароуп. Аха уажәы ишааиуаз даҽа хырхарҭақәак аанахәо иалагеит. Уимоу абжьыуаа реизарҭа – Мықәи, бзыԥаа реизарҭа – Лыхни имҩаԥырҭо ҽаҩраҭагалара аныҳәа аҟны еиуеиԥшым атурфирмақәа ргидцәа аԥсшьаҩцәа рыманы иаҭаауа иалагеижьҭеи аныҳәа иамаз ахаара ацәыӡуа, анеира уҭахымхо ишыҟалаз згәы былуа абыргцәа рҟынтәи иуаҳауеит. Ас ала иарбан милаҭзаалакгьы рныҳәара азнеира аӡәгьы дарԥшӡом.Аамҭа ирласны аҽшаԥсахуа ала, иҟалап иаҭахызар аԥҟарақәа рышьақәыргылара ажәлар рацәа злахәу атрадициатә ныҳәақәа рымҩаԥгараан. Уи зҽалазырхәуа инадыркны (аԥсуа иныҳәараҿы асас днеир дидыкилоит хымԥада, ус ауп ишыҟоу, аха агидцәа хықәкыла аԥсшьацәа уахь рнагара ианашьҭоу ыҟоуп, хылаԥшрада), аныҳәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ ақәнагоу, иақәнамгоу азхәыцра.Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, ҳара ҳныҳәаратә қьабзқәа рзы (Жәабран аума, даҽакума) аԥшаҳәаҿы ҳнеины иҟаҳҵар иаҳԥырхагада ҳәа зҳәо рахь. Мап, урҭ ақьабзқәа уахь уыс рымаӡам. Аныҳәаратә қьабз иара аԥшӡара, иара ахаара, иара асакралра шамоу иазынхароуп. Доусы иныҳәарҭа ҭыԥ аҟноуп иныҳәара ахьыҟаиҵо, жәлантәыла имҩаԥырго аума, мамзаргьы ҭаацәашәала. Ауаа идҳарбап ҳәа узлаго аҵакы хада ацәнарӡуеит, егьырҭ амилаҭ рҿырԥштәы ишаҳнарбаз ала амҩаԥысшьагьы ҽеихом (ажәлар еизганы афатә дырбаны иузҭакуам(!), ажәлар рыбжьара иҟоуп еиуеиԥшым ауаа ҳпоет Таиф Аџьба иҳәахьан еиԥш). Даҽа ҳәынҭқаррақәак рҟны ақалақь ахь ицәырыргаз ақьабзтә ныҳәарақәа раангьы агәараанда акәыршаны ажәлар еижәымларц ихкааны иҟарҵозаргьы, ҳара уи аҩыза азнеишьа ҳазҳадкылаӡом, иҳаланхо амилаҭқәагьы иҳазрызуам, ҳасасцәагьы ус ҳазрызныҟәом, аиҳаракгьы ҳасасцәа. "Асас быжь-насыԥк ицуп" рымҳәои.Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20260222/1061211799.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190310/Zhabran-Aiar-intsakh-du--arakh-irkhylashu-izku-anyara-1026846785.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101689/52/1016895277_331:0:5686:4016_1920x0_80_0_0_ddf1826d817625024c172a512f4e8b8d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
агәаанагара, жәлар рдоуҳа, аԥсны
агәаанагара, жәлар рдоуҳа, аԥсны
"Аԥсуа жәлар рамзар" – абас ахьӡҵаны 2018 шықәсазы "Sputnik Аԥсны" аҟны ихацыркын аԥсуа жәлар рныҳәарақәеи рқьабзқәеи ирызкыз схатәы материалқәа рцикл. Ари аинформациатә маҵзура адгыларала еидкылан Аԥсны араионқәа, ақыҭақәа рҟынтәи иахьауажәраанӡа ҳажәлар еиқәырханы иаарго ҳатрадициатә культура аазырԥшуа хыԥхьаӡара рацәала аудио, авидео, афотоматериалқәа. Ианҵаз, ицәыргаз аматериалқәа зегьы реиқәыԥхьаӡара салагом, урҭ уаҩы ибаратәы асаит аҟны ишҭагалоу ала. Ҳәарада ирыгыз, ирыбзаз маҷым, аха урҭ ихадараз рхықәкы ҳажәлар ркультура амырӡра, аиқәырхара, иззымдыруа дырҳара, ҳауаажәлар рыҩнуҵҟа аларҵәара аҭара ицәгьамкәа инанагӡеит ҳәа сгәы иаанагоит. Уи азы шаҳаҭра руеит лассы-лассы исзызыҩуаз, иазҵаауаз ауаа ахьырыцәахаз. Уимоу арҭ еиуеиԥшым аныҳәарақәа аанзыжьхьазгьы ҿыц ихацыркны иахьалагаз, ишԥаҟаҳҵари ҳәа иазҵаауаз ҟалеит. Ҳаамҭазы ари аганахьала имҩаԥысуа ахҭысқәа сыбжьы ақәыргара уалны исыԥхьаӡеит.
Аԥсны жәытәнатә аахижьҭеи инхоит милаҭрацәала ауаа. Аԥсуаа еснагь егьырҭ амилаҭқәа ирзыразын, аӡәы идин, ма иҵас, иқьабз иаҿамгылац, ҳаҭырқәҵарала еицынхоит. Дарбанзаалак ауаҩы дахьынхозаалак азин имоуп идин иаҵанакуа иҵасқәа, иқьабзқәа рымҩаԥгара. Аха ақьабзқәа ирымоуп рхатәы "маӡа" (ус уҳәар ауазар), дара рсакралтә ҟазшьа – изызку, изыдҳәалоу ауаа (аҭаацәара, ажәлантә, аиашьара, амилаҭ) инадыркны дара ахьымҩаԥырго аҭыԥ (адгьыл) аҟынӡа. Иацу акәамаҵамақәа даараӡа ирацәоуп, аныҳәарақәа мҩаԥызго уи иқәныҟәоит, ирдыруеит.
Иахьа имҩаԥысуа, ҳакәша-мыкәша ҳала иабо иалагаз еиуеиԥшым амилаҭқәа рныҳәарақәа ашоутә ҟазшьа рыҭаны аҳҭнықалақь Аҟәа агәаны аума, мамзаргьы ақалақь иналганы аума рымҩаԥгара зынӡаскгьы жәлар рамзар ала имҩаԥырго ақьабзқәа ҳәа ззаҳҳәо рааигәара иҟаӡам. Иалкааны иазгәасҭар сҭахуп, дара мҩаԥызго, изтәу амилаҭқәагьы ркультура ацәаҩа шыбжьнахуа. Амилаҭқәа зегьы ирымоуп дара иртәышьҭроу рхатәы культура дуӡӡа. Ауаа рацәа алархәны ақьабзтә ныҳәа амҩаԥгара ухахьы иануга, уи аиҿкаашьа, амҩаԥгашьа инагӡаны иҭҵааны иумазароуп. Ҿырԥштәык мацара, иаҳҳәап, амифологиа беиаӡа змоу аславиан жәлар ркультура ашьаҭа дуӡӡа амоуп. Иахьа ҳара ҳамшын аҟәараҿы имҩаԥырго "Масленица" дара зтәу ажәлар рхаҭа издырҳәало зынӡаск даҽа ҭыԥуп: амшын иадҳәалам, ақалақьгьы иаҟәыҭханы, уаҩы иахьиҿырҳасырҭам ԥсҭак аҟны ауп иахьымҩаԥырго, амца здыркуагьы иара зыдҳәалоу аԥсабаратә ҭыԥ ахь инылганы ауп ишыҟарҵо.
Иҩбахаз, ҳара иаҳбарҭан иҟалеит, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы лассы-лассы зымҩаԥгара иалагаз "ашоу-қьабзқәа" рҟны џьоукы иԥшӡамкәа рхы аадырԥшуа ишыҟалаз. Аԥсуа еснагь изакәызаалак ачаӷьа пату изақәуп, уара иутәыз, атәым итәыз, иаӷа ичысҵәҟьа дақәԥалаӡом, пату ақәҵан дазныҟәоит. Ааигәа убас иԥшӡамкәа ахымҩаԥгашьа ацны иҟалеит ачарӡ аигәыдҵара аҟынӡа иахьнеиз. Аныҳәарақәа рҟны ачыс агьама абара имҩаԥысуа ақьабз иахәҭакуп, иагьыхадароуп. Аха уажәы ишааиуаз даҽа хырхарҭақәак аанахәо иалагеит. Уимоу абжьыуаа реизарҭа – Мықәи, бзыԥаа реизарҭа – Лыхни имҩаԥырҭо ҽаҩраҭагалара аныҳәа аҟны еиуеиԥшым атурфирмақәа ргидцәа аԥсшьаҩцәа рыманы иаҭаауа иалагеижьҭеи аныҳәа иамаз ахаара ацәыӡуа, анеира уҭахымхо ишыҟалаз згәы былуа абыргцәа рҟынтәи иуаҳауеит. Ас ала иарбан милаҭзаалакгьы рныҳәара азнеира аӡәгьы дарԥшӡом.
Аамҭа ирласны аҽшаԥсахуа ала, иҟалап иаҭахызар аԥҟарақәа рышьақәыргылара ажәлар рацәа злахәу атрадициатә ныҳәақәа рымҩаԥгараан. Уи зҽалазырхәуа инадыркны (аԥсуа иныҳәараҿы асас днеир дидыкилоит хымԥада, ус ауп ишыҟоу, аха агидцәа хықәкыла аԥсшьацәа уахь рнагара ианашьҭоу ыҟоуп, хылаԥшрада), аныҳәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ ақәнагоу, иақәнамгоу азхәыцра.
Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, ҳара ҳныҳәаратә қьабзқәа рзы (Жәабран аума, даҽакума) аԥшаҳәаҿы ҳнеины иҟаҳҵар иаҳԥырхагада ҳәа зҳәо рахь. Мап, урҭ ақьабзқәа уахь уыс рымаӡам. Аныҳәаратә қьабз иара аԥшӡара, иара ахаара, иара асакралра шамоу иазынхароуп. Доусы иныҳәарҭа ҭыԥ аҟноуп иныҳәара ахьыҟаиҵо, жәлантәыла имҩаԥырго аума, мамзаргьы ҭаацәашәала. Ауаа идҳарбап ҳәа узлаго аҵакы хада ацәнарӡуеит, егьырҭ амилаҭ рҿырԥштәы ишаҳнарбаз ала амҩаԥысшьагьы ҽеихом (ажәлар еизганы афатә дырбаны иузҭакуам(!), ажәлар рыбжьара иҟоуп еиуеиԥшым ауаа ҳпоет Таиф Аџьба иҳәахьан еиԥш). Даҽа ҳәынҭқаррақәак рҟны ақалақь ахь ицәырыргаз ақьабзтә ныҳәарақәа раангьы агәараанда акәыршаны ажәлар еижәымларц ихкааны иҟарҵозаргьы, ҳара уи аҩыза азнеишьа ҳазҳадкылаӡом, иҳаланхо амилаҭқәагьы иҳазрызуам, ҳасасцәагьы ус ҳазрызныҟәом, аиҳаракгьы ҳасасцәа. "Асас быжь-насыԥк ицуп" рымҳәои.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.