Урыстәылатәи арегионқәа рҿы уахыкала украинатәи адронқәа 87 ҭадырхеит
09:45 14.03.2026 (ирҿыцуп: 10:05 14.03.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 14 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 87 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
31 — Азовтәи амшын инахыкны,
16 — Краснодартәи атәылаҿацә аҿы,
8 — Ҟрым,
7 — Бриансктәи аобласт аҿы,
6-6 — Белгородтәи аобласти Амшын еиқәа инахыкни,
5 — Ростовтәи аобласт аҿы,
3 — Самаратәи аобласт аҿы,
2 — Курсктәи аобласт аҿы,
1-1 — Астрахантәи, Волгоградтәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
