Аԥсны астратегиатә ҵакы змоу аусхкқәа рҟны иаку ахәԥсатә политика алагалахоит
13:41 18.03.2026 (ирҿыцуп: 13:50 18.03.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 18 — Sputnik. Астратегиатә ҵакы змоу аусхкқәа рҟны иаку, економикала ишьаҭарку ахәԥсатә политика аларгалоит Аԥсны.
Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит ахәԥсақәеи афымцамчи рҳәынҭқарратә ҭышәныртәалара аусхк аҟны азакәанԥҵара аԥсахрақәа.
Аиҭакрақәа инарықәыршәаны атауарқәеи амаҵзурақәеи рзы ахәԥҵәақәа аметодологиатә еиқәыршәареи рыԥхьаӡареи рзы афункциақәа еидыркылоит усбарҭак аҿы — Аекономика аминистрраҿы.
Ахәҭакахьала, анхарҭа-коммуналтә маҵзурақәеи (ӡыла аиқәыршәара, аканализациаз, агәамсам алгара уб.иҵ.) афымцамчи рыхәԥса аҭышәныртәаларазы азинмчы аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рҟынтәи Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иарҭоит.
Аус адызуло ргәаанагарала, ари иалнаршоит ахәԥсеиҿкаара еишьҭаргыланы азнеишьа алыршара, аекономика асоциалтә ҵакы змоу аусхкқәа рҿы атарифқәа рхылаԥшра арӷәӷәара.