https://sputnik-abkhazia.info/20260318/1061727509.html
Аҟәа имҩаԥысит ашколхәыҷқәа рыбжьара Аԥсны аҭоурых-археологиатә конференциа
Аҟәа имҩаԥысит ашколхәыҷқәа рыбжьара Аԥсны аҭоурых-археологиатә конференциа
Sputnik Аҧсны
Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысит III Аԥсны аҭоурых-археологиатә ашколтә конференциа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рандидат, аинститут... 18.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-18T21:39+0300
2026-03-18T21:39+0300
2026-03-18T22:29+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/12/1050195480_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_078efc1fb11234d020e62d3366bac069.jpg
Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысит III Аԥсны аҭоурых-археологиатә ашколтә конференциа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рандидат, аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Сурам Сақаниа.Уи рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи ашколхәыҷқәа. Дара ажәахәқәа ҟарҵеит еиуеиԥшым атемақәа археологиа, аҭоурых, аетнографиа ирызкны."Ахәыҷқәа русумҭақәак цәыругаратә иҟоуп жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы. Урҭ аусумҭақәа кьыԥхьхоит 2027 шықәсазы имҩаԥысран иҟоу аконференциазы. Атемақәа рыбжьара иҟан Леон II, Нестор Лакәабеи уи иԥшәмаԥҳәыс Сариеи ирызкны. Иааидкыланы даара аинтерес зҵаз атемақәа шьҭыхын", — ҳәа иҳәеит иара. Ажәахәқәа ҟарҵеит 20-ҩык аҵаҩцәа. Аҵарауаа ирырҭоз азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵон, иара убас рзанааҭтә ԥышәа рымардеит ҳәа иҳәеит Сақаниа.Аконференциа еиҿыркааит Аԥсны Аҵара аминистрреи, Аԥсуаҭҵааратә институти, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәи Археологиа аинститути.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/12/1050195480_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_2783abbba19ba5aa7377f98c18dfcab1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит ашколхәыҷқәа рыбжьара Аԥсны аҭоурых-археологиатә конференциа
21:39 18.03.2026 (ирҿыцуп: 22:29 18.03.2026) Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысит III Аԥсны аҭоурых-археологиатә ашколтә конференциа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рандидат, аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Сурам Сақаниа.
Уи рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи ашколхәыҷқәа. Дара ажәахәқәа ҟарҵеит еиуеиԥшым атемақәа археологиа, аҭоурых, аетнографиа ирызкны.
"Ахәыҷқәа русумҭақәак цәыругаратә иҟоуп жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы. Урҭ аусумҭақәа кьыԥхьхоит 2027 шықәсазы имҩаԥысран иҟоу аконференциазы. Атемақәа рыбжьара иҟан Леон II, Нестор Лакәабеи уи иԥшәмаԥҳәыс Сариеи ирызкны. Иааидкыланы даара аинтерес зҵаз атемақәа шьҭыхын", — ҳәа иҳәеит иара.
Ажәахәқәа ҟарҵеит 20-ҩык аҵаҩцәа. Аҵарауаа ирырҭоз азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵон, иара убас рзанааҭтә ԥышәа рымардеит ҳәа иҳәеит Сақаниа.
Аконференциа еиҿыркааит Аԥсны Аҵара аминистрреи, Аԥсуаҭҵааратә институти, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәи Археологиа аинститути.