https://sputnik-abkhazia.info/20260321/ayma-vladimir-zanaria-izy-igy---isy-izalymkho-esnag-dzyzkhytsuan-asua-byzsha--1061790178.html
Ҳаџьымԥҳа Владимир Занҭариа изы: игәы - иԥсы изалымхо еснагь дазхәыцуан аԥсуа бызшәа
Ҳаџьымԥҳа Владимир Занҭариа изы: игәы - иԥсы изалымхо еснагь дазхәыцуан аԥсуа бызшәа
Sputnik Аҧсны
Апоет, академик Владимир Занҭариа дҳацәцеит ҳәа макьана ахаҵара сцәыуадаҩуп, иара ауаҩы даара пату иқәиҵон, даараӡа дишаҭуан, игәамԥхоз акы ибаргьы ианаижьуан... 21.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-21T14:57+0300
2026-03-21T14:57+0300
2026-03-21T15:05+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/15/1061790285_0:0:398:224_1920x0_80_0_0_93abddb63b98aaa893dda5a55a9fc8c1.jpg
Ҳаџьымԥҳа Владимир Занҭариа изы: игәы - иԥсы изалымхо еснагь дазхәыцуан аԥсуа бызшәа
Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымԥҳа Владимир Занҭариа изы: игәы - иԥсы изалымхо еснагь дазхәыцуан аԥсуа бызшәа
Апоет, академик Владимир Занҭариа дҳацәцеит ҳәа макьана ахаҵара сцәыуадаҩуп, иара ауаҩы даара пату иқәиҵон, даараӡа дишаҭуан, игәамԥхоз акы ибаргьы ианаижьуан, ибзиара дашьҭалон, лҳәеит ажурналист Инна Ҳаџьымԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы."Ашьхыц еиԥш аус иуан иахьеи-уахеи. Зегьынџьара зегь ицааиуан ҳәа сгәы иаанагоит, аха зегь реиҳа игәы -иԥсы изалымхоз, есымша дзызхәыцуаз, иажәа ахы ахьхоз аԥсуа бызшәа акәын. Убри иажәеинраалақәа рҿы аума, ижурналистика аҟны аума, ифилософиатә гәҭахәыцрақәа рҿы аума, иқәгыларақәа рҿы, инапы злакыз зегьы аҿы аԥсуа бызшәа, аԥсуа доуҳа, акультура иахьирҿиашаз, иахьеиқәирхашаз, зегь убрахь иахьхьеирԥшышаз дашьҭан", - лҳәеит ҲаџьымԥҳаВладимир Занҭариа иумбоз, иузышьҭымхоз апласт шьҭихуан аԥсуа бызшәаҿы, аԥсуа поезиаҿы, иажәеинраалақәа ракәзар иара еиԥш иаартын, абзиабара рыҵан, ҳәа азгәалҭеит лара.Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.Апоет, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Владимир Занҭариа идунеи иԥсахит. Иара 72 шықәса ихыҵуан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/15/1061790285_0:0:398:298_1920x0_80_0_0_dfc97ea08942aa53f97383671658a6b7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Апоет, академик Владимир Занҭариа дҳацәцеит ҳәа макьана ахаҵара сцәыуадаҩуп, иара ауаҩы даара пату иқәиҵон, даараӡа дишаҭуан, игәамԥхоз акы ибаргьы ианаижьуан, ибзиара дашьҭалон, лҳәеит ажурналист Инна Ҳаџьымԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы.
"Ашьхыц еиԥш аус иуан иахьеи-уахеи. Зегьынџьара зегь ицааиуан ҳәа сгәы иаанагоит, аха зегь реиҳа игәы -иԥсы изалымхоз, есымша дзызхәыцуаз, иажәа ахы ахьхоз аԥсуа бызшәа акәын. Убри иажәеинраалақәа рҿы аума, ижурналистика аҟны аума, ифилософиатә гәҭахәыцрақәа рҿы аума, иқәгыларақәа рҿы, инапы злакыз зегьы аҿы аԥсуа бызшәа, аԥсуа доуҳа, акультура иахьирҿиашаз, иахьеиқәирхашаз, зегь убрахь иахьхьеирԥшышаз дашьҭан", - лҳәеит Ҳаџьымԥҳа
Владимир Занҭариа иумбоз, иузышьҭымхоз апласт шьҭихуан аԥсуа бызшәаҿы, аԥсуа поезиаҿы, иажәеинраалақәа ракәзар иара еиԥш иаартын, абзиабара рыҵан, ҳәа азгәалҭеит лара.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
Апоет, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Владимир Занҭариа идунеи иԥсахит. Иара 72 шықәса ихыҵуан.