Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҽазыҟаҵара иалацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадараҿы
16:52 24.03.2026 (ирҿыцуп: 18:20 24.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 24 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны — уаҵәтәи амш ахь аинвестициақәа" аҽазыҟаҵара иалацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадараҿы.
Алахәылацәа акоммуналтә маҵзурақәа русура арӷәӷәара, амҩатә дыргақәа рырҿыцра, акаҳуажәырҭа "Пингвин" инаркны амшынбаӷәаза аҟынӡа шьаҟамҩатә ҭыԥны аҟаҵара ирзааҭгылеит.
Аҳҭнықалақь ахадараҿы иазгәарҭеит афорум мҩаԥысуанаҵы хыбрақәак рҿы аремонттә усурақәа аанкылахар шалшо, анаплакҩцәа ирыҳәоит рыргыларақәа рыкәша-мыкәша аҵакырақәа дрыцқьарц.
Уи адагьы, ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба еиҭеиҳәеит Аваинахцәа рымҩаҿы абетон аҭарҭәара шымҩаԥысуа атәы. Ахҟьа аландшафт аҷыдарақәа ирҿырԥшны иалырхит, уи акаҭран аасҭа анҵыра амоуп.
Жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥгахоит мшаԥы 3-4 рзы Аҟәа. Уи еиҿыркаауеит аекономикатә усеицура арҿиаразы, ареспублика аинвестициатә лшара аарԥшразы, аинвестициақәа радыԥхьаларазы, адәныҟаекономикатә еимадарақәа рырӷәӷәаразы.