Аеколог аҳәырԥсаррақәа рыҿиара амзызқәа дырзааҭгылеит
18:07 25.03.2026 (ирҿыцуп: 18:54 25.03.2026)

© Sputnik / Igor Onuchin
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 25 — Sputnik. Аҳәырԥсарра ҭыԥқәа иҭышәынтәалан рыҿиаразы рхала рхы ныҟәырго иҟалараоуп ҳәа азылыԥхьаӡоит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра анапхгаҩы Сабина Лобода.
Арадио Sputnik аефираҿ лара инаҵшьны иазгәалҭеит Пицунда Аԥсны зегь реиҳа ауаа бзиа ирбо аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ишреиуоу. Есышықәса зықьҩыла аԥсшьацәа ахьаҭаауа инамаданы антропогентә қәыӷәӷәара хылаԥшра азура даара ишыуадаҩу.

Аҳәырԥсаррақәа рҿы зҭаара ҟалои азин ахьыҟами аҭыԥқәа ралкааразы аусурақәа рымҩаԥгара ахәҭоуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп Лабода. Аха уи аҳәынҭқарра ацхыраарада аҟаҵара уадаҩуп.
"Абиуџьет даарак аизырҳара ду аиуп ҳәа ақәгәыӷра џьашьахәуп. Сара сгәанала, ҳара ҳазхәыцроуп – ари зеиԥш ыҟам аҭыԥ аныҟәгаразы ахарџьқәа рыхҩара алзыршо аекономика иҭышәынтәалоу аҿиара аиурц ", — ҳәа азгәалҭеит лара.