https://sputnik-abkhazia.info/20260330/1061980239.html
Риҵатәи амилаҭ парк ахь аекскурсиатә билеҭқәа рыхәԥсақәа шьақәырӷәӷәоуп
Риҵатәи амилаҭ парк ахь аекскурсиатә билеҭқәа рыхәԥсақәа шьақәырӷәӷәоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik. Риҵатәи ареликттә милаҭ парк ахь аекскурсиатә билеҭқәа рыхәԥсақәа шьақәырӷәӷәоуп. 30.03.2026, Sputnik Аҧсны
2026-03-30T16:09+0300
2026-03-30T16:09+0300
2026-03-30T16:47+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/18/1061857150_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_00388b734194288943df32fff58fa25a.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik. Риҵатәи ареликттә милаҭ парк ахь аекскурсиатә билеҭқәа рыхәԥсақәа шьақәырӷәӷәоуп.Альготатә билеҭ хәыда-ԥсадахоит. Иара роур рылшоит:Аԥсны атәылауаа ареспублика атәылауаҩшәҟәы, мамзаргьы аиразы аршаҳаҭга змоу;Уаанӡа адуцәа рзы абилеҭ 700 мааҭ иаԥсан, 8-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы — 200 мааҭ. Аусдҵа амчра аиуеит 2026 шықәса лаҵара 1 инаркны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/03/18/1061857150_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_97c5dee84b99677b390082b8708b6ad3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Риҵатәи амилаҭ парк ахь аекскурсиатә билеҭқәа рыхәԥсақәа шьақәырӷәӷәоуп
16:09 30.03.2026 (ирҿыцуп: 16:47 30.03.2026) АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik. Риҵатәи ареликттә милаҭ парк ахь аекскурсиатә билеҭқәа рыхәԥсақәа шьақәырӷәӷәоуп.
астандартә билеҭ – 1 000 мааҭ;
ахәыҷтәы билеҭ (8-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы) – 500 мааҭ.
Альготатә билеҭ хәыда-ԥсадахоит. Иара роур рылшоит:
Аԥсны атәылауаа ареспублика атәылауаҩшәҟәы, мамзаргьы аиразы аршаҳаҭга змоу;
8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа – ртәылауаҩра иахьмырԥшыкәа рхаҭара шьақәзыргыло ашәҟәбӷьыц рыцзар;
1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи рветеранцәеи аинвалидцәеи – ртәылауаҩра иахьмырԥшыкәа аибашьра аветеран, мамзаргьы аинвалид истатус шьақәзырӷәӷәо ашәцәбӷьыц рыцзар;
аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, мамзаргьы ареспублика аусбарҭақәа рааԥхьарала Аԥсны аофициалла иаҭааны иҟоу ҳәаанырцәтәи даелегациақәа ирыҵанакуа ауаа;
РАМП аҵакыраҿы аофициалтә усмҩаԥгатәқәа раарԥшразы аккредитациа змоу аҳәаанырцәтәи ажурналистцәеи Амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәеи.
Уаанӡа адуцәа рзы абилеҭ 700 мааҭ иаԥсан, 8-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы — 200 мааҭ.
Аусдҵа амчра аиуеит 2026 шықәса лаҵара 1 инаркны.