Аҟәатәи авокзал аҿаԥхьа игылоу аҩнеихагылақәа ҩба адәахьала еиҭашьақәыргылахоит
16:35 30.03.2026 (ирҿыцуп: 16:53 30.03.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik. Аҟәатәи авокзал аҿаԥхьа игылоу аҩнеихагылақәа ҩба адәахьала еиҭашьақәыргылахоит.
Аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба Ӡиӡариа имҩаҿы игылоу 64-тәи, 74-тәи аҩнқәа адәахьтәи аҿаԥшылара аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рыпроект-харџьынҵатә қьаадқәа азырхиаразы анапынҵа ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳаит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
"Арҭ аҩнқәа ҳақалақь иаҭаауа асасцәа ахьааиуа авокзал аҿаԥхьа игылоуп. Ауаа раԥхьа ирбо амҩаду хада аганахь иааԥшуа, рацәак улаҿ имааиуа ахыбрақәа роуп. Убри азы урҭ реиҭашьақәыргылара алагаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Хәҭа-хәҭала егьырҭ ахыбрақәагьы шьақәыргылахоит", — ҳәа азгәеиҭеит Агрба.