Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Рауль Лолуа ииубилеи азгәарҭеит Гәдоуҭа
19:04 30.03.2026 (ирҿыцуп: 20:00 30.03.2026)

© Sputnik Бадри Есиава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ, аинрал-маиор Рауль Лолуа ииубилеи азгәарҭеит Гәдоуҭатәи амузеи аҿы.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит араион ахада Асҭамыр Аргәын, амш афырхаҵа иҭаацәа, иҭынхацәа, ицеибашьуаз иҩызцәа, Абыргцәа рхеилак, аинтеллигенциа, ауаажәларра.
Аусмҩаԥгатә аартуа амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа иазгәалҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ианалага зыԥсадгьыл ахьчара игылаз Лолуа 16 шықәса шракәыз ихыҵуаз. Марттәи ажәылараан дышхәызгьы, афронт ахь дхынҳәит, Аиааира амш аҽнынӡа абџьар икын.
Аиԥылара иалахәыз иазгәарҭон Лолуа аибашьраангьы, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аҳәаақәа рыхьчараҿгьы, иара убас иреиҳау амаҵураҭыԥқәа рҿы иааирԥшуа агәымшәареи ахачҳареи ртәы.
Лолуа иазгәеиҭеит аԥсуа жәлар еснагь рыԥсадгьыл ахьчара ишазхиоу.