Аҩы афестиваль "Акаҷыҷ" Гран-при анашьахеит аҩеиқәаҵәа "Ашҭа лаша"азы
17:33 03.04.2026 (ирҿыцуп: 18:38 03.04.2026)

© Sputnik / Алёна Беляева
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. Аҩы афестиваль "Акаҷыҷ" Гран-при анашьахеит аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҩеиқәаҵәа "Ашҭа лаша"азы.
Зынӡа афестиваль аԥхьахә ҷыдақәа ранашьахеит аиааира згаз 23-ҩык аҭыжьҩцәа.
Афермертә нхамҩақәа рыбжьара "ахьы" ранашьахеит Денис Амҷбеи Алмас Адлеибеи: иреиӷьу аҩеиқәаҵәақәа рзы.
Аҭыжьыҩцәа дуқәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит:
▪Аҩеиқәаҵәа "Аҭауад" - аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи";
▪Аҩеиқәаҵәақәа "Лабра", "Агәараҭа", "Аҟаԥшь" - аилахәыра "Аргәын Иашҭа";
▪Аҩы шкәакәа "Шардоне" - аилахәырақәа "Шато Аԥсны", "Ашҭа лаша";
▪Аҩцәаԥшь "Лабра Роза" - аилахәыра "Ачба Иашҭа" аҟнытә.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәышь афорум аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Исҭахын иааиуа ашықәсқәа рзы аԥсуажь хкқәа ирылху аҩқәа еиҳагьы ирацәахарц", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Хагәышь иара убасгьы Ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәи 100 нызқь мааҭ аԥхьахә ҷыда ианеишьеит Беслан Аргәын иреиӷьу аӡахәааӡаратә нхамҩазы.
Аҭыԥантәи ажәытә ажьхкы акаҷыҷ адацқәа 50 рсахьа змоу аԥхьахә ҷыдақәа ранашьахеит Хьымца Кьиути Роман Кәыҵниеи, Ҭемыр Гадлиа иоуит афранцыз аџь иалху аҩыуалыр, Вадим Амԥар — аҩы алабораториатә анализқәа рзы шықәсыктәи абонемент.