Сергеи Кириенко Аҟәа зыргылара иаҿу "Амилаҭтә музыка аҩны" даҭааит
17:27 03.04.2026 (ирҿыцуп: 18:39 03.04.2026)

© Foto / screenshot из видео
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. Сергеи Кириенко Аҟәа зыргылара иаҿу "Амилаҭтә музыка аҩны" даҭааит.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны даҭааит Лакәаба имҩаҟны зыргылара иаҿуп "амузыка аҩны". Иара убас агәаҭара далахәын ЗҲӘА "KDK Development" адиректор хада Давид Абакелиа.
Кириенко ахыбра даҭааит цәыббрамза 2025 шықәсазы. Апроект нарыгӡоит иара хаҭалатәи иԥарақәа рыла. Аргыларақәа хыркәшахоит ԥхынҷкәын 2026 шықәсазы. Аиҭашьақәыргылара анхыркәшахалак ашьҭахь ахыбра Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа Аҳәынҭқарратә оркестр иаҭахоит.
Актәи аихагылаҿы ацәыргақәҵатә зал ҟалоит, аҩбатәи аҿы – аҟазарҭеи аҽазыҟаҵаратә зали, иара уа аконцертқәа рымҩаԥгарагьы алшоит.