Жәларбжьаратәи аекономикатә форум ақәҿиара аиуит иҳәеит Назаров
18:18 03.04.2026 (ирҿыцуп: 18:36 03.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны— ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" ақәҿиара аиуит иҳәеит Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров.
"Иубоит аԥснытәи амчрақәа аинвесторцәа радыԥхьалара, абизнес аҿиара ишазҿлымҳау. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Аԥсны ахадеи, аԥыза-министри, егьырҭ аҭакзыԥхықәу амаҵурауааи рықәгыларақәа рҿы Аԥсны абизнес ашәарҭадареи афеидеи рзы иахәҭоу зегьы ҟаҳҵалоит ҳәа ахьырҳәо", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Назаров иазгәеиҭеит аекономикатә форум есышықәса Аԥсны имҩаԥыслар, еиҳа-еиҳа ауаа ареспубликахь иаауа ишалаго, уи алҵшәа бзиақәа шаиуа, избанзар афорум анаплакҩцәа ирыцхраауеит ареспублика алшарақәа рдырраз, феида злоу аусеицура аформатқәа рылацәажәараҿы.
Башкортосҭан азы Аԥсни иареи реизыҟазаашьақәа астратегиатә ҟазшьа рымоуп, акыр шықәса ҵуеит еиныруеижьҭеи. Башкортосҭан ареспубликаҿы ицәыргоуп еиуеиԥшым аусхкқәеи ахырхарҭақәеи рыла, аминералтә аӡеи уи аекономиказы ихымԥадатәиу егьырҭ акомпонентқәа жәпаки раагара инаркны. Иара убас, Башкортосҭан иахьаҵанакуа 200 инареиҳаны адәқьанқәа рҿы аԥсуа тауарқәа рҭиуеит.
"Аԥсуа аалыҵқәа рхаҭабзиара ҳаракуп, рыхә цәгьам, убри аҟнытә даара ибзиоуп Башкортосҭан анҭыҵ ҳамцакәа раахәара ахьалшо", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара убасгьы, Назаров инаҵшьны иазгәеиҭеит ишиашоу аҳаиреимадара Уфа — Аҟәа лаҵара 6 рзы аартраз аӡбамҭа ишалнаршо аҩ-республикак руааԥсыра иманшәаланы рныҟәараз.