00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Аиҿцәажәара
Аусдкылаҩцәа рзы аекономикатә форум феидас иалоу: Низам Ҳапат ицәажәара
13:19
11 мин
Аиҿцәажәара
On air
13:31
5 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Хра злоу ахҭысқәа
On air
13:36
14 мин
Аиҿцәажәара
Аекономикатә форум иаанартуа алшарақәа: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ ицәажәара
13:45
9 мин
On air
13:48
6 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Актуальный комментарий
Атмосфера инвестфорума в Абхазии: прямое включение с места событий
14:20
3 мин
Актуальный комментарий
Инвестфорум – окно возможностей для развития креативной экономики
14:23
6 мин
Актуальный комментарий
Глава МИД: беспрецедентно масштабный международный форум
14:29
4 мин
Актуальный комментарий
Прекрасная площадка: масштаб и возмодности форума оценил представитель бизнеса
14:33
4 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
On air
14:47
3 мин
Дополнительное время
Бокс: итоги чемпионата и первенства страны
14:50
12 мин
Новости
Главные темы
15:07
12 мин
На полях экономического форума
Решетников оценил темпы развития абхазской экономки
15:19
2 мин
On air
15:21
2 мин
Новости
Главные темы
15:37
12 мин
Актуальный комментарий
Диалог о развитии туризма в Абхазии: участница о встрече с российскими коллегами
15:37
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Новости 14.00
Главные темы
19:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
19:33
10 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ԥсраҽнынӡа атеатр азы ихандеиуаз — Шьалуа Гыцба диижьҭеи 90 шықәса ҵит

© Sputnik / Илона ХварцкияШалва Гицба.
Шалва Гицба. - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2026
Анапаҵаҩра
Дыҟоуп Анцәа аҟазареи ауаҩреи еиваргылаы излеиҵо, убарҭ дреиуоуп сҳәар сылшоит иахьа зыӡбахә цәырызго аҟаза, Жәлар ратист Шьалуа Гыцба. Иара дуаҩы нарҳан, убасҵәҟьа иҳаркын илаз акультура, иара убри адагьы дзықәныҟәоз иаԥсуара агыдраҿы анаӡара мариамызт. Зны-зынла злеишәа џьбараӡоу иакәызшәа дубозаргьы, Шьалуа Ҷыф-иԥа иааигәаны данудырлакгьы иубон заҟа дуаҩ татаз. Абас иԥсабараҿы еилыԥхаауан хыхь сызлацәажәоз иҟазшьақәа.
Шьалуа Гыцба иактиортә ҟазара ҳаракуп ҳәа сҳәаратәы асценаҿы избеит иара инаигӡоз ароль шьахәқәа акымкәа. Убри аҟынтә, иахьа иара диижьҭеи 90 шықәса анҵуа исҭахуп игәаларшәара аҳаҭыразы нҵамҭак изыскырц. Хықәкыс ишьҭысхуам актиор, ақәыргылаҩ ирҿиаратә нысымҩа зегь ахысра, исҭахуп иара ихаҭа иаликаауаз арольқәа срызхьаԥшырц, аҟазаразы имаз агәаанагарақәа аԥхьаҩцәа ишәыдызгаларц. Ҳәарада, срацәажәеит изааигәаз ауаа, дызцыхәмархьаз артистцәа уҳәа, Шьалуа Гыцба ихаҭара ахҳәаа иаша азҭарц зылшо ҳәа исыԥхьаӡоз.
Шьалуа Гыцба диит мшаԥымза 3 1936 шықәсазы Дәрыԥшь ақыҭан, анхаҩ нага Ҷыф иҩнаҭаҿы. Артист ихаҭа ишазгәеиҭоз еиԥш, иаб иара дышхәыҷыз Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аҿы дҭахеит, длааӡеит иан аԥҳәысеиба.
Шьалуа иԥшра, исахьа зегь рыла Анцәа иишаз уаҩын, данеиҵаз арратә занааҭ алихырц иҭахын, аха "аԥсуа театр сԥырхагахеит" иҳәон. Уи иаанагоз, иара ихәыҷра ашықәсқәа раамҭазы, аԥсуа театр акыр иныҟәон Аԥсны ахи аҵыхәеи. Хымԥада, Шьалуа иқыҭа Дәрыԥшьгьы иаҭаауан. Аҵарауаҩ Алықьса Аргәын Гыцба изикыз "Асценеи аԥсҭазаареи" захьӡу ашәҟәаҿы ҳаԥхьоит уи дахлафааны Шьалуа Ҷыф-иԥа ииҳәо: "Агенералра сылымҵит, аха асценаҿы имаҷымкәа аруаа ррольқәа сыхәмарит", - ҳәа актиор иҳәамҭа.
Шьалуа Гыцба 20-тәи ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа театр ҿыц иааҵагылаз актиорцәа дреиуан.
Аԥсуа театр 70-тәи аш.
Аԥсуа театр 70-тәи аш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2026
Аԥсуа театр 70-тәи аш.
Иара Акаки Хоравеи Акаки Пагавеи рҵаҩы иакәын. Данстудентызгьы хымԥада ирҵаҩцәа игәарҭахьан актиор иаҳасабала илшарақәа шмаҷмыз, убри аҟынтә А. Чехов икомедиақәа рҿы ароль хадақәа ддырхәмаруан. Астуденттә ԥсҭазаареи атеатри еиԥшым, араҟа ауаҩы аҟазара иланы, аха арольқәа имоургьы алшон, аха Шьалуа Гыцба уи аганахьала иқәҿиеит ҳәа ҳҳәар ауеит. Сара насыԥс исыман уи изку адырраҭара аҟаҵара, иҿцәажәара. Шьалуа исеиҳәеит дара ргәыԥ атеатр аҿы ианааи аиҳабыратәи абиԥара рнапы иқәыргыланы ишырбоз : "Ахьтәы аамҭа ҳәа изҿыз акәын. Усҟан Нелли Ешба дҳацны ҳанааз ауп. Ҳара ҳабиԥарагьы аиҳабацәагьы раамҭа – аԥсуа театр еиҭаҿиеит анырҳәоз акәын. Аԥсны анҭыҵгьы еицырдыруа иҟаз театрны иҟалеит. Иарбан рҿиамҭазаалакгьы, аклассика иатәума, иахьатәи пиесоума ҳабиԥареи аиҳабацәеи анеиҵагыла ирзышьҭымхуаз акгьы ыҟаӡамызт".
Шьалуа Ҷыф-иԥа ароль хада ирҭаанӡа актиорк ицымхәрас аспектакль даларгалеит. Гыцба алафҳәара сылаӡам иҳәон, аха зегь акоуп иаҳзеиҭеиҳәахьан иҟалаз ахҭыс. Усҟан Азиз Агрба иакәын атеатр режиссиор хадас иамаз. "Данаҟаи" (М. Лакрба) аҿы Елзбар захьӡыз, афинал аҿы иҭахоз ироль идигалеит ақәыргылаҩ Агрба. "Сҟьаҟьаӡа саниба ари илшоит игәахәын салеигалеит. Ҳҽазыҟаҳҵеит. Сыгәра угома, Азиз Рашьыҭ-иԥа сҳәан, "рацәакгьы угәра згом, аха уаҳа ԥсыхәа сымаӡам" иҳәеит. Асезон ҿыц аадыртуан. Сфырхаҵа дыршьуан анҵәамҭаҿы. Санкаҳа исҳәашаз смонолг аасхашҭит. Хыхь дысхагылан Николаи Чқәан. Исыхьыз аниба, стекст иара идыруан, "ари дырхәит, аха ииҳәарц ииҭахыу абри ауп" ҳәа смонолог даԥхьеит", - абас ихы дахлафаауа дцәажәон Жәлар рартист Гыцба.
Г. Лорка "Ишьаарҵәырахаз ачара". Шь. Гыцба – аԥҳәысҳәаҩ, М. Зыхәба – ан, М. Кобахиаԥҳа – амаҵуаҩԥҳәыс
Г. Лорка Кровавая свадьба.
Ш. Гицба – жених, М. Зухба – мать, М. Кобахия – служанка - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2026
Г. Лорка "Ишьаарҵәырахаз ачара". Шь. Гыцба – аԥҳәысҳәаҩ, М. Зыхәба – ан, М. Кобахиаԥҳа – амаҵуаҩԥҳәыс
Дарбан актиорзаалакгьы имоуп ишьапы дықәзыргылаз ароль. Араҟа ихадоу арежиссиор уибаны ианудигало ауп. Шьалуа Гыцба ишырҳәо еиԥш, аразҟы змаз иакәын, иара иҭеиҭԥши, иҟазареи, ибызшәеи хеибарҭәаауа дыҟан. Гыцба деихых-еиҵых дыҟан, асцена афырхаҵа ззырҳәоз иакәын. Убри аҟынтә, ивсрагьы уадаҩзар акәхарын арежиссиорцәа рзы. Актиор ирольқәа ирыликаауаз иреиуан Гарсиа Лорка иҩымҭа "Ишьаарҵәырахаз ачара" аҿы иаҭәаршьаз аԥҳәысҳәаҩ ироль. Усҟан ансамбль бзиа еиниеит уи аспектакль аҿы – М. Зыхәԥҳа, Н. Камкиа, Е. Коӷониаԥҳа уҳәа, ихадоу арольқәа рҿы ицәырҵуан зеиӷьыҟамыз артистцәа.

Шьалуа Гыцба ихаҭа абас игәалаиршәоит аԥҳәысҳәаҩ ироль шиоуз: "Хәыта Џьапуа абри аспектакль ықәсыргылоит ҳәа иҽазикит. Алықьса Ермолов усҟан иаркы-ирцә ҳәа дыҟан аԥҳәысҳәаҩ ироль азы диҭахын, аха егьырҭ аспектакльқәа дрылан, дирымҭеит. Ашьҭахь сара исыдигалеит. 22 аншлаг аман ари аспектакль усҟан. Даара иаԥсыуатәны иҟаҵан уи, актиор иаҳасабала сымҩа ахьаатызгьы уброуп".

Шьалуа иреиӷьу ирольқәа ирхиԥхьаӡалоз аԥҳәысҳәаҩ ироль даара иқәҿиаран ҳәа илыԥхьаӡоит Жәлар рартистка Виолетта Манԥҳа.
"Сара дызбахьан ҳәарада уи ароль аҿы, избанзар схаҭагьы сыхәмаруан. Уаҟа сара анхәа лроль сиҭеит арежиссиор. Шьалуа Гыцба доуман аспектакль аҿы. Иара иҳәаны изтәаз данымҵадырс, аԥсуа ҟазшьа аҭаны ахьымӡӷшьара атема бзиаӡаны иааирԥшит. Даара игәра угаратәы дыхәмаруан. Иара ихаҭа иуаҩра, иҟәымшәышәшьа убысҟак иԥсабаратәын, уи дыхәмаруеит узҳәаӡомызт асценаҿы. Шьалуа изааигәааны, игәы иалырсны инаигӡон ихаҿсахьақәа зегьы", - лҳәоит Маанԥҳа.
Шьалуа Гыцба ирҿиаратә ԥсҭазаара ҳаналацәажәо, ҳзаҩсӡом Нелли Ешба иқәлыргылаз Ф. Шиллер иҩымҭа "Дон Карлос" аҿы иихәмарыз маркиз де Поза ихаҿсахьа. 1973 шықәсазы Москва Маиаковски ихьӡ зху атеатр аҿы Аԥсуа театр агастрольқәа аатит.
Р. Џьапуа "Ашьаҿақәа". А. Агрба, Шь. Гыцба, Ч. Џьениа
Р. Джопуа Шаги. А. Агрба, Ш. Гицба, Ч. Джения - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2026
Р. Џьапуа "Ашьаҿақәа". А. Агрба, Шь. Гыцба, Ч. Џьениа
Ҳактиорцәа ишыргәалашәо ала, усҟан дон Карлос ироль назыгӡоз В. Ақаҩба арра дыҟан, убри аҟнытә арежиссиор Ешба уи дамхны Москва днеиратә иҟалҵеит. Иахьынхоз асасааирҭаҿы арепетициақәа ҟаҵаны аспектакль Москватәи ахәаԥшцәа ирбаратәы дныҟәеит ақәыргылаҩ. Агастрольқәа анхыркәшаха СССР акультура аминстрраҿы еилдыргон аԥсуа театр аспектакльқәа. Москватәи акритикцәа џьбаран, аха инхаз анҵамҭақәа рҿы ҳаԥхьоит "Ешба лусумҭақәа акыр иҿыцу ҟазаратә хырхарҭаны ицәырҵит" ҳәа аџьшьарақәа. Усҟан атеатр ҿыц иаднагалаз актиорцәа ишыргәалашәо ала, Шьалуа Гыцба ицәырҵра џьашьахәын, аҿар акулиса иавҵагыланы Ақаҩбеи Гыцбеи реицыхәмарра ишанханы иахәаԥшуан. Ари аспектакльгьы далахәын В. Маанԥҳа, лара илгәалалыршәоит урҭ аамҭа шьахәқәа абас: "Сара Еболи лроль сыхәмаруан, уи назыгӡоз актриса агастроль ахь дызцомызт азы, Ешба сара салалгалеит. Дон Карлоси маркиз де Позеи рдует еиԥш дуетк сымбац. Иџьашьатәын Ақаҩбеи Гыцбеи реивагылашьа, рхаҿсахьақәа реиҿартәышьа".
Ари аспектакль сара сахаанымызт, аха исықәҿиеит иахьа зыӡбахә сыҩуа ауаҩы ишьахәу егьырҭ ирольқәа рбара - Фамусов ("Зыхшыҩ зрыцҳароу" А. Грибоедв. ареж. В. Ақаҩба), иара убас, Пикалиута ("Брисбентәи аемигрант" Ж. Шехаде ареж. В. Ақаҩба).
Исгәалашәаӡом заҟантәы срыхәаԥшхьаз арҭ аспектакльқәа. Усҟан астиль ҿыцқәа рцәырҵра иасакьаҳәымҭан ҳҳәар ауеит, насгьы Гыцба иабиԥара уажәшьҭа ихатәраз актиорцәан, асценаҿы идырҿиоз акыр ишьахәын.
Д. Чачхалиа "Али-Беи". Шь. Гыцба, Л. Хышба. Ақәыргылаҩ Н. Ешба. 2009 ш.
Д. Чачхалия Али-Бей.
Ш. Гицба, Л. Хишба. Постановка Н. Эшба. 2009 г. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2026
Д. Чачхалиа "Али-Беи". Шь. Гыцба, Л. Хышба. Ақәыргылаҩ Н. Ешба. 2009 ш.
Шьалуа Гцыба ирольқәа ртәы сҳәозар, иара техникатә ԥсабарала еибыҭаз иакәмызт, рыԥсы ҭеиҵон иихәмаруаз аперсонажцәа. Знымзар-зны исымбацызт Гыцба иаԥсшәа азал аҿы имааиуа, ибызшәа цқьан, ихәмарра уатәнатәуан. В. Ақаҩба иқәиргылаз аспектакль "Брисбентәи аемигрант" аҿы Аԥсны Жәлар рартист Виолетта Маанԥҳи иареи хаҵеи ԥҳәыси - Розеи Пикалиутеи рроль еицыхәмаруан. Абар Маанԥҳа ишылгәалашәо уи аамаҭа: "Сара даара насыԥ змоу уаҩуп ҳәа схы сыԥхьаӡоит абри абжьаратәи агәыԥ иаҵанакуаз ҳкорифеицәа А. Ермолов, Н. Камкиа, Шь. Гыцба рааигәара сахьыҟаз, аус ахьеицаҳуаз. Хаҭала Шьалуа ицыхәмарра сара сзын ныҳәа дуун, избанзар, убысҟак дуаҩы лашан, ибаҩхатәрагьы убысҟак иҳаракын. Шьалуа Гыцба ижәҩахыр сахьаҵагылоз сеигәырӷьон еснагь. "Брисбентәи аемигрант" Ақаҩба иқәиргылаз аҿы Шьалуа сыԥшәма иакәын. Азал аҿы ахәаԥшцәа убас ирыдыркылон, ишԥасҳәари анапеинҟьабжь аанкыломызт ҳасцена анхыркәшахалак ашьҭахь. Схы сырҽхәошәа иҟалоит, аха сара исырҽхәо Шьалуа иоуп".
Шьалуа Гыцба иԥсҭазаараҿы иҟан акинорльқәагьы маҷымкәа, иара дыхәмархьеит "Амзаҿа ангыло", "Анапыхьараџь" уҳәа реиԥш иҟаз еицырдыруа акинолентақәа рҿы. Уаҟагьы акамера аҿаԥхьа анеиааишьа здыруаз иакәны ихы ааирԥшуан. Абри инаҷыданы, Гыцба аԥсшәахь еиҭаргоз амультфильмқәа абжьы рхеиҵон. Зегь реиҳа иалукаауеит "Шрек" аԥсышәала дыширцәажәаз, асахьаныҟәа ианаало абжьы ирҿиеит уаҟа. Аха зегь раԥхьаӡа Гыцба атеатр иатәыз уаҩын. Иактиортә ҟазара инаваргыланы Шьалуа Гыцба ахаԥшьгаратә театртә коллективқәа еиҿикаауан, иқәиргылон аспектакльқәа.
Л. Украинка "Лесная песня". Шь. Гыцба – Лукаш, С. Дбарԥҳа – Мавка, В. Грициак – Тернопольсктәи адрамтеатр актиор. 1972 ш.
Л. Украинка Лесная песня.
Встреча двух Лукашей. Ш. Гицба – Лукаш, С. Дбар – Мавка,
В. Грицяк, актер Тернопольского драмтеатра. 1972 г. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2026
Л. Украинка "Лесная песня". Шь. Гыцба – Лукаш, С. Дбарԥҳа – Мавка, В. Грициак – Тернопольсктәи адрамтеатр актиор. 1972 ш.
2001 шықәсазы Шьалуа напхгара аҭара далагеит Тҟәарчалтәи акомедиатә театр, игәабзиара инаҭонаҵы уа аус иуан. Атеатртә хынҭаҩынҭарақәа Гыцбагьы ихьымсыр амуит, аибашьра ашьҭахь иара иаанижьыр акәхеит иԥсеиԥш бзиа иибоз Аԥсуа театр. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Гыцба Аҿар ртеатр аҿы ихигеит. Уаҟа иара иқәиргылеит аспектакльқәа "Анаурқәа" Д. Гәлиа, "Қьалышьбеи" А. Мықәба, "Амцҳәаҩ даҭахуп" Д. Псафос, "Инаԥҳа Кьагәа" М. Ақаҩба, "Амшаԥаҽны" М. Мархолиа, Л. Арнауҭ. Гыцба арҿиаҩы иаҳасабала Гәлиа идрама "Анаурқәа" акырынтә дазыхынҳәхьан, ихаҭагьы дыхәмархьан Гәыдым ироль. Избан ари адрама ас гәыҵхас изимоу азы исҭаз азҵаара абас аҭак ҟаиҵеит: "Аилибамкаара иахылҵуеит уа иҟоу ауадаҩрақәа зегьы. Аҭаацәа реиҳабы иҭаацәа изымааӡеит, уи иахҟьаны атрагедиа ҟалеит. Аилибамкаара сара еснагь гәыҵхас исыман, убри ауп уи апиеса сзазыхынҳәуаз".
Исгәалашәоит "Анаурқәа" Аҿар ртеатр аҿы ианцәырҵ, уаҟа Гәыдым ироль ихәмаруаз Гыцба асценахь ихаҭа дцәырҵаанӡа, ибжьы анга ахәаԥшцәа напеинҟьарыла ишрыдыркылаз. Гыцба итекст аҳәара иаразнакгьы дзаламгеит, избанзар, ахәаԥшцәа акыраамҭа асценаҿы ирымбацыз актиор иқәгылара ишеигәырӷьаз, бзиа дшырбоз абас иаадырԥшит. Хыхь зыӡбахә сымаз атеатртә хынҭаҩынҭарақәа рышьҭахь Гыцба 20 шықәса инарзынаԥшуа асцена дықәымлаӡацызт. Шьалуа Гыцба ихаҭара ахҳәаа азаҳуазар, "аԥҳәысеиба слааӡеит" иҳәозаргьы, ахаҵа инапы игны дааӡазшәа дыҟамызт, ауаҩы ԥшьагьаҭҳа ззырҳәоз иакәын, днаӡааӡан, иаԥсуара узахымԥо ихы мҩаԥигон. Сара саниахьан атеатр азҵааразы аиҳабыра рҿы еизарак аҿы, Шьалуа хрыжь-хрыжь дышцәажәоз, ииаша рмаҳауашәа аниба иҭра дшыҭҟьаз. Усҟан "идады-мацәысит" аизара ахьцоз азал аҿы. Иаҳбац Шьалуа иакәымкәаны ддоумышьханха дааҟалеит. Абри зхысҳәаауа, иара адгьыл иӷәӷәаҟацаӡа иқәгылаз ԥсыуа хаҵан.
Иҭаацәаратә ԥсҭазаара ҳазааҭгылозар иԥшәма Раиса Ӡкәиеи иареи ирааӡеит хҩык аԥҳацәа – Аида, Асида, Алиса. Урҭ рхымҩаԥгашьеи рнысымҩеи унашьклаԥшыр иубоит, аҭаацәеиқәшәа ишырааӡаз. Шьалуа длафуа иҳәон "сара сҽыжәын, ахәыҷқәа ран лоуп изааӡаз" ҳәа. Ус иҳәеит, избанзар лассы гастроль ҳасабла дныҟәон, атеатр ирацәаны аамаҭа ицәагон, аҩны дагхон. Ус акәзаргьы, хара дыҟаз, ааигәа дыҟаз Шьалуа иҳәон еснагь илаԥш шырхыз. Актиор иԥҳацәа руаӡәы аоператә шәаҳәаҩуп, уи дыззымдыруа иҟада?! Аԥсны Жәлар рартистка, Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артист Алиса Гыцԥҳа аус луеит Москватәи амузыкатә театр "Геликон-опера" аҿы. Шьалуа ихшра зегьы атеатр аҩнуҵҟа ирызҳаит уҳәар ауеит, рыҩнгьы актиорцәеи арежиссиорцәеи лассы иаҭаауан. Уи акәхап, руаӡәы Алиса данхәыҷыз инаркны атеатртә институт аҭалара деилаҳауа дзалагаз. Шьалуа иҳәон: "Лхала иалылхит асцена. Сара мап лцәыскит аԥхьа ианцәырылга, исҭахымызт исхызгахьаз здыруан азы. Ашьҭахь Аҟәа амузыкатә ҵараиурҭа дҭалеит, убра ицәырҵит лыбжьы".
Алиса Гыцԥҳа лаб гәыблыла дихцәажәоит, ари анысыҩуа ахҳәаа сылҭарц санлыҳәа абас еиҵыхцәамкәа иҟаз аҳәамҭа сзаалышьҭит: "Саб ауаа рацәажәара, аиҭанеиааирақәа бзиа ибон, ииашоуп илеишәа џьбараӡоушәа "дыхәмаруан" аха. Сҩызцәа аԥхьа данырбалак убас иҩашьаз агәаанагара роуан, аха нас ианизааигәахалакгьы ргәаанагара рыԥсахуан, даара изааигәаны иҟалон. Атеатр ҳара ҳҭаацәараҿы ихадаз аҭыԥ аанакылон, саб дызлахәыз аспектакльқәа иаҳамбац акгьы ыҟаӡамызт. Апремиерақәа уи иҷыдоу хҭысын ҳара ҳзы, иреиӷьыз амаҭәақәа ҳашәҵаны ҭаацәаныла ҳцон атеатр ахь. Санхәыҷыз лассы саб арепетициақәа анимаз снеиуан. "Абнаҿ ахынҭаҩынҭара" (Р. Џьапуа) аҿы иара дыԥсуашәа иҟан, сара уи иашазшәа исыдыскылан аҵәуара салагеит. Исгәалашәоит иҩызцәа сышдыргәыбзыӷуаз. Саб уи ашьҭахь ихыиҿы ихаччо "агаӡа бара, сыԥсыз џьыбшьама" иҳәеит. Бзиа избон саб агрим аныҟаиҵоз ахәаԥшра. Саб ирольқәа зегьы иреиӷьасшьоит Фамусов ироль. Аспектакльқәа цонаҵы зегьы срыхәаԥшит. Апиеса зегьы ҿырҳәала издыруан. Бзиа избон иара убас, саб аҩныҟа асасцәа анааигоз. Урҭ атеатр иреиӷьыз ахаҭарнакцәа ракәын – Д. Кәартаа, А. Ермолов, З. Ҷанба, М. Мархолиа, Л. Гыцԥҳа уҳәа. Бзиа избон аҟазара иазкны дара реимак-реиҿак азыӡырҩра. Ашәа ҳазҳәа ҳәа иансыҳәалакгьы ирзысҳәон. Кәартаа "Ҳара ҳ-Образцова" ҳәа сеиҳәон. Саб сырҿира еснагь икылкааны дацклаԥшуан, сконцертқәа акгьы бжьаижьуамызт, ақәҿиара сымазар игәеиҭон. Адунеи аҿы иреиӷьыз аб дсыман сҳәар ауеит. Ҳара зегьы дҳагуп даара…"
© Foto / из архива семьи ГицбаАԥсны Жәлар ратистцәа Шьалуа Гыцбеи Алиса Гыцԥҳаи
Народные артисты Абхазии Шалва Гицба и Алиса Гицба - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2026
Аԥсны Жәлар ратистцәа Шьалуа Гыцбеи Алиса Гыцԥҳаи
Абраҟа Алиса дыззаҭгылаз Фамусов ироль аиашазы саргьы сыбла ихыҵуам. Гыцба-Фамусов зымчхара дууз уаҩны даарԥшын. "Зыхшыҩ зрыцҳароу" аҿы Софиа лроль назыгӡоз В. Маанԥҳа ишылгәалашәо ала раԥхьа Шьалуа ари сара исызышьҭымхыр ҟалап ҳәа мап икит, аха арежссиор Ақаҩба дазааигеит. "Шьалуа ааԥсара захьӡыз издырӡомызт, уахгьы-ҽынгьы аус адиулон ироль, алҵшәагьы ааирԥшит, Фамусов аӡәы диламҩашьо инеигӡеит", - лҳәоит Жәлар рартистка Маанԥҳа. Аҵыхәтәантәи ажәашықәса Гыцба еиҳарак арежиссиор иаҳасабала ихы цәыригон Аҿар ртеатр аҿы. Гыцба иҟазшьеи, иуаҩреи рхашҭӡом уа аус зуа артистцәа. Мдар Сақаниа уи атеатр актиор, адиректор ихаҭыԥуаҩ иаҳасабала абас дихцәажәоит Гыцба: "Шьалуа Ҷыф-иԥа доуҳала даара ибеиаз уаҩын. Дуаҩы ԥшӡан цәгьала, иныҟәашьа, итәашьа, ицәажәашьа уҳәа аӡәгьы дилаҩашьаӡомызт. Аусураҿы Гыцба дуаҩы џьбаран даараӡа, ҳтеатр аҿы иқәиргылаз аспектакльқәа ажәлар ргәы иҭымҵәо иаанхеит наунагӡа, иаҳҳәап "Қьалышьбеи". Даараӡа ҳаизааигәан, абри ҩнуҵҟала имаз аҟазаратә беиара аҿар ирылеиҵон, иагьиқәҿион цәгьала. Акырӡа иаҳныԥшгәышьеит иҟамзаара, хашҭра иқәым Шьалуа Гыцба, ихьӡ еснагь иҳацзауеит".
Зыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа атеатр азы ихандеиуаз Шьалуа Гыцба идунеи иԥсахит ԥхынҷқәын 24 2024 шықәсазы 88 шықәса дшырҭагылаз. В. Маанԥҳа ихьааганы абас дихцәажәоит лҩыза: "Шьалуа дыҟам ҳәа иахьа уажәраанӡагьы даара исцәыуадаҩуп аҳәара. Ҳаԥсы ахьынӡаҭоу ҳгәаҵаҿы даанхоит аҟаза ду. Даара ҭакԥхықәрала зус иазнеиуаз иакәын. Инаигӡаз ахаҿсахьақәа хашҭра рықәума мамзаргьы".
Шьалуа Гыцба атеатр аҿы инеигӡеит ҩынҩажәа инарзынаԥшуа еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа, иара убас, акинопроектқәа жәба дрылахәын. Иҟазара аҳаҭыраз 1984 шықәсазы Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихҵан, иара убас, 2016 шықәсазы Шьалуа Гыцба "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара ианашьан. Иахьа иара диижьҭеи 90 шықәса аҵра аназгәаҳҭо, зыуаҩреи зҟазареи еишьашәалаз иакәны даҳгәалашәоит. Иԥсаҭа лашазааит аҟаза ду!
Ажәабжьқәа зегьы
0