Украинатәи Арбџьармчқәа Новороссииск анефҭтранспорттә еилахәыра аргыларақәа ирыжәлеит
16:42 06.04.2026 (ирҿыцуп: 16:58 06.04.2026)

© Sputnik / Владимир Астапкович
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 6 — Sputnik. Украинатәи Арбџьармчқәа мшаԥы 6 ауха Новороссииск анефҭтранспорттә еилахәыра аргыларақәа ирыжәлеит.
Урҭ Еиду Америкатәи Аштатқәеи Ҟазахсҭани акционер дуқәа злахәу ирхыԥхьаӡалоу "Каспиатәи анефҭмҩангагатә консорциум" иатәуп.
Ааха рырҭеит адронқәа рхархәарала арацәаӡриқәа рзы адунеитә џьармыкьа ашьақәҟьареи Европаҟа анефҭаалыҵқәа раагара аанкылареи рзы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Анефҭмҩангагеи аилаҭәара-ҭаҭәаратә баӷәазеи ааха рыҭоуп, анефҭаалыҵқәа зҭаз амакьаҭқәа ԥшьба амца ркит.
Иара убас, ажәылара иаҵанакит аграждантә инфраструктура, ааха роуит аҩнеихагылақәеи ахатәы ҩнқәеи, ауааԥсыра, ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, аахақәа роуит.