Урыстәыла АфШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аполковникеиҵбы Васили Квитко дыргәаладыршәеит Аҟәа
12:13 08.04.2026 (ирҿыцуп: 13:17 08.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 8 — Sputnik. Змаҵзуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз Урыстәыла АфШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аполковникеиҵбы Васили Квитко дыргәаладыршәеит Аҟәа.
Аҳәаахьчаҩцәа-Афырхацәа рбаҳчаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аҳҭнықалақь ахадара, Урыстәылатәи АфШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа, ареспублика атәылахьчареи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи рхаҭарнакцәа.

"Аҳәаахьчаҩ Васили Квитко иԥсҭазаара далҵижьҭеи иахьа 15 шықәса ҵуеит. Ари амш азгәаҳҭоит ифырхаҵареи игәымшәареи, иара убас егьырҭ зуалԥшьа анагӡараан иҭахаз аҳәаахьчаҩцәеи ргәалашәара ҳаҭыр ақәҵо", — азгәеиҭеит Михаил Шургалин.
Адипломат Аԥсны иҟоу аҳәаахьчаҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Ари амш аҽны аҭынчрахьчаратә мчқәа рмаҵзура алахәылацәа ргәалашәара иамшны ишырыԥхьаӡо азгәеиҭеит иара.
Шургалин иазгәеиҭеит Аԥсны ауааԥсыра Арратә операциа ҷыда аҟны ишеибашьуа, иҭахазгьы шмаҷҩым.

"Ари аиашьара акзаара ишьақәнарӷәӷәоит аҩҳәынҭқаррак — Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа реилалара шьаҿа ӷәӷәала ишырзыхиоу", — иҳәеит Шургалин.
Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгаҩы Рустам Латипов иажәақәа рыла, ари амш ареспублика аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы зуалԥшьа назыгӡоз иаадырԥшыз афырхаҵара амш аҳасабала аҭоурых аҿы иаанхеит.
Васили Квитко 2009 шықәсазы Аԥсны иҟоу Урыстәыла АфШәМ Урыстәыла аҳәаахьчаратә усбарҭаҿы амаҵура ныҟәигон. Мшаԥы 8 2011 шықәсазы Гал араион Хьацҳа ақыҭан уаҩ дахьнымхоз аҩны агәаҭараан бџьарла иеихсны дыршьит. Бџьаралатәи аҭакҟаҵарала ацәгьоуцәа ҭархан.
Урыстәыла ахада иусԥҟала Васили Квитко данҭаха ашьҭахь Агәымшәаразы аорден ианашьан. Аԥсны ахадара аофицар данҭаха ашьҭахь амедал "Арратә гәымшәаразы" ианаршьеит.
Уи ихьӡ ануп Аҟәа ақалақь аҳәаахьчаҩцәа рфырхацәа раллеиа аҿы иҟоу агәалашәаратә ӷәы. Уаҟа есышықәса ареспубликеи аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгареи, ауаажәларреи злахәу амитинг мҩаԥысуеит. Иара ихьӡ ахуп Кисловодсктәи абжьаратә школ №15.