Аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны — 2026" мҩаԥысуеит иахьа Аҟәа
11:40 24.04.2026 (ирҿыцуп: 11:50 24.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 24 — Sputnik. Аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны — 2026" мҩаԥысуеит иахьа Аҟәа.
Иара азкуп аиҿкаара "Аԥсуа аҳәса наплакыҩцәа" 25 шықәса ахыҵра.
Афорум алкаа — аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы раԥхьатәи ашьаҿақәа инадыркны иахьа зҭәымҭа иҭагылоу аԥсуа аҳәса анаплакыҩцәа рыҿиареи рышьақәгылареи раарԥшроуп ҳәа азгәалҭеит аиҿкаара анапхгаҩы Иулиа Гәымԥҳа.
Ахықәкы — аӡбамҭақәа рыдкылараан аҳәса рроль азгәаҭара, насгьы урҭ аполитикеи анапхгараҭареи рҿы еиҳаны ралахәра аҭахра азгәаҭароуп.
"Аԥсынтәыла иқәынхо аҳәса рхы аладырхәуазароуп аполитикагьы, абизнесгьы зегьы ахәарҭара алыргалар сҭахуп ԥҳәыск, анык лаҳасабала", — лҳәеит афорум алахәыла, Ашахтатә усбарҭа аиҳабы ин.н Белла Арышԥҳа.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡны еиҿкаахоит — акреативтә капитали, аҳәса рлагалақәеи рыхшыҩҵакқәеи ирызку астол гьежьқәа, иара убасгьы иҭышәынтәалоу аҿиареи асоциалтә нырра астратегиақәеи рылацәажәарақәа.
Афорум аҿы ицәыргоуп Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәа аҭыԥантәи раалыҵқәа.