Ашҭа Ҟаԥшь аҿы арратә парад мҩаԥгахоит Аиааира ду амш аҽны
10:03 29.04.2026 (ирҿыцуп: 10:57 29.04.2026)

© Sputnik / Алексей Майшев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 28 — Sputnik. Ашҭа Ҟаԥшь аҿы арратә парад мҩаԥгахоит Аиааира ду амш аҽны, Москва ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Лаҵара 9 рзы ашьапыламҩасра иалахәхоит Урыстәыла Арбџьармчқәа хаз иго архәҭақәеи аҵараиурҭахкқәа зегьи рҟынтәи аррамаҵзурауааи.
Ашҭа Ҟаԥшь иахаԥыруеит аԥырратә ҳаирплантә гәыԥқәеи ажәыларатә ҳаирпланқәа Су-25-и.
Архәҭа хкқәеи архәҭа ҟәшақәеи, Арратә операциа ҷыда иалахәу, иара убас астратегиатә хықәкы змоу аракетатә мчқәеи Арра-мшынтә флот аӷбақәеи ркомандаҟаҵаратә пунктқәа рҿы иҷаԥшьо аҟәшақәеи амаҵзурақәеи зегьы русура ишиашоу ицо аефир ала идырбахоит.