Ҭарашь Ҳагбеи Мураҭ Храчеви еиԥылеит
10:35 30.04.2026 (ирҿыцуп: 11:57 30.04.2026)

© Foto / Госкомспорта
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 30— Sputnik. Ҭарашь Ҳагбеи Мураҭ Храчеви еиԥылеит.
Храчев — 2004 шықәсазы Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аџьаз медал иаԥсахаз. Черқьесск ақалақь ахадара абҩарҵәыреи, аспорти, аҿартә политикеи рзы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ. Иара аҿар реиԥыларақәеи аҟаза-иклассқәеи мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика асеиԥш аҩаӡара змоу аспортсменцәа ахьаҭаауа аҵак ду шамоу.

"Еиҳарак ихадоу, шәара шәԥышәа еиҵагыло абиԥара иахьрымажәдо ауп. Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҿар агәазҭаҵара рырҭоит, ас еиԥш алҵшәақәа аарԥшра зыбзоуроу аџьеи алеишәеи шакәу деилныркаауеит", — ҳәа иҳәеит иара.
Храчев иакәзар, Аԥсны аганахь ала ицәаныррақәа ртәы дазааҭгылеит, уи аҿиареи аҿар рылшарақәа рыҳаракреи азгәеиҭеит.