00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Биографии Победы
14:58
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
25 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
On air
14:46
3 мин
Такие обстоятельства
Память в крови: история красноармейца Михаила Павлова
14:49
15 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Гражданин и начальник
Отбор в "Команду Абхазии": каким должен быть современный управленец
18:49
2 мин
Биографии Победы
Михаил Сахненко
18:52
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адоуҳа агенерал…: Алықьса Гогәуа игәаларшәара аҳаҭыразы

© Foto / предоставил Дмитрий Габелиа Алексей Гогуа
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2026
Анапаҵаҩра
Абар иҳамбаӡакәа имҩасит шықәснаҟьак ашәҟәыҩҩы нага Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа идунеи иԥсахижьҭеи. Аԥсуа сахьаркыратә литература дак алыԥсааит, аха даҽа ганкахьала иара ирҿиаз "ажәа абжьы" нхеит ԥсра ақәымкәа. Гогәуа иниҵит 93 шықәса. Анцәа данишоз инапы ианиҵаз ажәа сахьарк арҿиара такәы инеигаразы иӡбазшәа, зегь ирқәашьым ақәранҵыра бзиа иара изыԥҵәан ҳҳәар ауеит, иҵегьы дҳалагылазар шаҳҭахызгьы. Иахьа ҿыц ҳаиҭагәылаԥшыр сҭахын жәлар рышәҟәыҩҩы абиԥарақәа ирзынхарц ишәҟәқәа ирниҵоз ахәыцрақәа.
"…Еснагь иаадыруазар ахәҭоуп збаҩхатәра иахьынӡазнаҭо иагымкәа аус азызуа, знапы иҵыҵуа изылшо агзмырхо, ззанааҭ зыԥсҭазаароу, арҿиара, адоуҳа асолдаҭ, адоуҳа агенералцәа – агеницәа дшырԥҵәахоу…", - ҳаԥхьоит апрозаик Гогәуа иҩымҭақәа реизгаҿы ианиҵаз аԥхьажәаҿы.
Писатель Алексей Гогуа на церемонии вручения наград лауреатам премии им. Дмитрий Гулия в администрации президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2025
Аԥсны
"Алықьса Гогәуа цлабҩы димам": Жәлар рышәҟәыҩҩы ишьҭа аԥсуа литератураҿы
Арҭ ахәыцрақәа хымԥада иара ихаҭа ипортрет ауп иаадырԥшуа, зеиԥшла арҿиаҩцәа дуқәа ахәшьара рыҭаразы иҩызаргьы. Адоуҳа "агенерал" зызҳәатәу, ԥсраҽнынӡа ажәа зырҿиоз иахьа иаҳгәалаҳаршәо Алықьса Гогәуа ихаҭа иоуп. Иԥсра амш ҳаназааигәаха, еиҳагьы иаасылсит уи иҟамзаара, ибжьы ахьаҳмаҳауа, амҩаду аҿы дахьаҳамбо – ацәыӡқәа иҳамоу ирхыҳәҳәо акәны сахәаԥшуеит. Ауаҩы адунеи дахьаныҵуа трагедиоуп, аха "адоуҳа агенерал" ԥсра зқәым иакәны даанхоит аҭоурых аҿы. Инапынҵа зну иара иҟынтәи ҳамҭас исоухьаз ашәҟәқәа еиҳагьы гәыблыла иаасыртуеит уажәы. Еилыхха иҟаз ашәҟәыҩҩы иколлиграфиа ԥшӡа санахәаԥшуа, уаҳа урҭ аџьашьахә напҩырақәа зну ашәҟә ҿыцқәа шысқәашьымгьы аусзымдырыхуа, аха снапы иаку асахьаркыратә дунеи ала сгәы аасҟачоит. Уара ахаан иузымдыруаз, иумбацыз ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа рыԥхьара хазӡоуп иагьа доуҳала иҳаракызаргьы, аха мҩадукаҿы иуԥылоз агеницәа ирҟәырҷахаз уаҳа данумбо хьааугоит. Алықьса Гогәуа аурысшәахь иеиҭаргоз иҩымҭақәа рцәаҳәанҵақәа иара иакәын знапы иҵызхуаз, иара убас урыс бызшәала апублицистикатә статиақәа аниҩуаз ыҟан. Аха, иара дызлахәыцуаз, исахьаркыз иажәаҳәа аԥсы ахазҵоз аԥсшәа акәын хымԥада.
Ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа иҳәан еиԥш, "Алықьса Гогәуа ицәырҵра — аԥсуа культура, аԥсуа доуҳара иатәуп. Уи ипроза ацхеиԥш ижәпаҳаҳараӡа иҟоуп". Ҳбызшәа аҭагылазаашьа ахьысҳара амҩа ишаныз еснагь ибон ашәҟәыҩҩы, уи акыргьы игәы иҵхон, имаҷымкәангьы анҵамҭақәа азикхьан. Иахьатәи хәыцроушәоуп ишубо, ашәҟәыҩҩы 30 шықәса раԥхьа ицәыригоз азҵаара. Алацәажәара иахьеиԥш усҟангьы иагмызт, аха ауашәшәырара аганахь еиҳагьы ауадаҩрақәа анубаалоит ҳазҭагылоу аамҭазы - ҳтәыла аҳәынҭқарратә бызшәа. "Наԥшыхақә ари азҵаара рызгәамҭеит, згәы знамырхьуа ыҟам узҳәом, аӷьаҵәыӷьаҵәбыжьқәа, агәынқьбыжьқәа уаҳауеит, ахатәы бызшәа иазкны аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит, аха иара абызшәа аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа аицәахара иаҿуп. Избанзар, урҭ абыжьқәа ус рыцгылаӡом", - абас иаарӷьеҩны иҩуан Гогәуа абызшәа азҵаатәы ус алацәажәара мацара қьар шалам ҳардыруа. Апроза арҿиаҩы Гогәуа иҩымҭақәа иреиӷьӡақәоу "Асду", "Аси амацәыси", "Аҽыкәаҳа" уҳәа рҟны ҳҭоурых ашьҭрақәа ҭӷәыхааны игоуп. Акырынтә исыҩхьеит Алықьса Ноча-иԥа аԥсуа ҭоурых мацара акәымкәан, адунеитәигьы бзиа ишидыруаз. Урҭ еиҿырԥшны акәын ишихәшьадуаз иара ҳҭоурых ԥхьаҟатәи аԥеиԥш. "Аԥсуа шәҟәыҩҩы ирҿыцроуп иҭоурыхтә гәхамышҭра" иҩуан иара, ажәлар ирхыргахьоу шхымԥадатәиу, уи узымдыркәа иахьатәи шузымҳәо дазхәыцуа. Ароман "Аҽыкәаҳа" ахқәа руак "Адгьыл хәыҷызаргьы, ажәҩан ду ахагылоуп" ахьӡуп, уи иаҵаҵәаху амаӡа акыр уархәыцуеит.
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2025
Аԥсны
"Даара игәаӷьыуацәоуп Гогәуа ишьҭахь аԥсышәала аҩра": Даур Наҷҟьебиа иҿцәажәара - I ахәҭа
"Дгьылла рацәак ҳаҟаӡам, ишыжәбо, аха уи иахагылоу ажәҩан агәҭа ааҩшаны икыдлан ицоит амра. Уахынла акәзар, хыԥхьаӡара змам аеҵәақәа зҿажьу ажәҩан ахаӡоит…", - абас исахьаркуп "Аҽыкәаҳа" аниҩуаз 34 шықәса зхыҵуаз ашәҟәыҩҩы иҳадигалоз ахшыҩҵакқәа. Иаҳҳәар ауеит иара ашәҟәыҩҩы иаҳасабала дышҿаз дышәхьан ҳәа инапы иҵыҵуаз аҩымҭақәа рыҵаулара ҳазхәыцуазар…
Ҳаԥхьаҩцәа шәхаҵкы, дырҩагьых ишәыдызгалоит Гогәуа иҩымҭақәа аиҭаԥхьаразы, урҭ ирыҵаҵәахуп аԥсуа идунеи амаӡақәа. Ишәҟәқәа ахьаауртлакгьы, ираӡныԥсараха ажәа бзиа абжьы унахҭыгәлоит. Лирикатә шьҭыбжьыла иҭәуп апроза аԥҵаҩы Гогәуа ибзиабаратә сахьанҵақәа. Аԥсабареи ауаҩи раарԥшраҿы уиршанхаратәы асахьаркыратә ҿыханҵа ирҿион иара: "Ихьанҭа-хьанҭаӡа ажьымжәақәа, макьана аӡаӡа рықәымбацкәа, ибааӡажжыраӡа илыдигалон уи ҿымҭ, аԥхыӡ далоушәа. Ибон лызнапык ала ажьымжәа ҩышьҭыхны, лнацәкьара хәхәақәа рыла ажьыргәыц шамылхуаз…". ("Аҽыкәаҳа")
Уажә аабыкьа ҿыц еиҭаасыртыз ашәҟәыҩҩы Гогәуа иҭәымҭазы иаԥиҵаз абзиабареи аԥсахреи ахьеиндаҭло "ашәҭ мышьҭацәгьа" иазикыз ажәабжь кьаҿ "Абжьынҵ-хышәҭ" сатәнатәит ҿыцбарах избазшәа. Зны-зынла санхәыцуа, иара иҳадигало аҭоурыхқәа ихаҭа дызхысыз ракәызшәа снарбоит. Гогәуа апортретқәа рҭыхраҿы имакра даара иуадаҩын аиашазы, акырџьара иубарҭоуп зыӡбахә цәыриго ауаҩы игәаҭа аперсонаж ихаҿра ишанирԥшуа: "Ларгьы бзиахәк лакәын дҟат-ҟато. Лыџьымшьқәа дырҩахан, лыбла ҭбаақәа цқьа ашанхарҭа рыҭо, еиқәыцә ишьҭаз асы дылаԥшуа…", "Ларгьы уи иахь лхы-лҿы анлырхоз – лыччаԥшьгьы, лыхааргьы – зегьы ишәаны, изаны акәын ишизылышьҭуаз". Имариоума ас аизыҟазаашьақәа аԥҳәызба лыԥшышьала раарԥшра? Гогәуа ихы иаирхәаӡом ажәа еизадақәа, иара дыҩуан даҽаӡәы ишизымҳәара, исахьарку ажәа рҿио.
Абраҟа иалыскаауеит, уаҳа џьаргьы исымбацыз ажәеидҳәала сшахҭыгәлаз. Урысшәала иаҳҳәалоит – раздвоение личности. Аиашазы уи аилкаара ҳбызшәаҿы ишԥаҟалари ҳәа акырынтә сазхәыцхьан. Санҿаз исаҩсыжьыз, уажәы аиҭахысра аамҭазы ашәҟәы анаасырт избеит "ҩыџьан дыҟоушәа". Ииашаҵәҟьаны, дарбанзаалакгьы имазар ҟалап ҩ-ганкы, зны-зынла ауаа ирбарҭам, аха ианаҭаххалакгьы ицәыриго, иҭаҵәахны имоу аҩбатәи аҟазшьа. "Ҩыџьан дыҟоушәа" иазԥиҵәеит Гогәуа, арҭ ажәақәа реидҳәалашьа акыр уархәыцратәы. Зыӡбахә сымоу ажәабжь аҿы, абзиабаратә еиндаҭлара инашьҭарххны, иааирԥшуеит акыр узырхәыцша аҽынкылара ззымариам ауаҩы иҟазшьа: " Ауаҩы деилашәаны даныҟоу мыцхәы дызхәыцӡом, иаразнак ихәыцырҭақәа рышә акуеит, иҿы анааихихлакгьы, хшыҩ зҵаӡамкәа ашә иавахаз ажәақәа ашьацмақәа реиԥш, арахь иҭыҟьҟьо иалагоит". Саазнархәыцит. Иара Алықьса Гогәуа ихаҭагьы ихы иавибоз аҟазшьақәа иреиуазаргьы ауеит. Сара дахьынӡаздыруаз, убас ианааҭирҟьоз ҟалалон анҭ "ашә иавҵахаз" ажәақәа. Ибзианы дыздыруаз игәарҭахьан, нас ихаҭагьы ишхьааигоз…
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2025
Аԥсны
"Ари иҩыза ашәҟәыҩҩы идунеи дуӡӡоуп": Даур Наҷҟьебиа Гогәуа изку иҿцәажәара - II ахәҭа
Гогәуа ашәҟәыҩҩы иасабала ҳанизхәыцуа, иааџьаҳшьаратәы жәынгьы ҿангьы иҩышьа астиль абырлаш еиԥш еилаарцыруан. Исҳәарц сылшоит зыхә ҳаракӡоу аимхәыц еиԥш аԥхьаҩ даршанхартә еиҿартәуп ҳәа. Ашәҟәыҩҩы 85 шықәса данырҭагылаз аамҭазы иаԥиҵаз ажәабжьқәа аанукыларгьы, анкьатәиқәа ираԥырымгозар иаҵахом. "Ӡаҳкәажә" акәзар, аԥсуа қыҭа аԥсабареи ауаҩи рымҩеихдақәа дырҿыгәҳәааны "апоезиа иӡаашьны" иаԥиҵаз жәабжьуп уҳәар ауеит. Автор еснагь ирҿион абызшәа, исахьаркны аԥхьаҩ дзытҟәаша адунеи цәыригон. "Аӡыжь аиаҳәеиԥш ацаҟьа иҭаиан" иажәа ахы икуеит Гогәуа аиҿырԥшратә ҟазшьа аҭаны аԥсабара асахьа џьашьатәыла иӡырго. Анаҩс, автор уи аӡыжь акәша-мыкәша иибоз ухаҿы иаанхартә дахцәажәоит: "Наҟ-ааҟгьы идуцәамыз ацаҟьа бахәқәа ахагылан, апарпыл рыԥхрақәа реиԥш, ашәч ракәақәа рхьныссы…".
Алықьса Ноча-иԥа ари адунеи аҿы иҟазаара хиркәшеит ҵыԥх уажәааны, аха иара ишиҩуаз еиԥш "адоуҳа агенералцәа – агеницәа дшырԥҵәахоу" даанхоит аԥсуа доуҳа адунеи иқәнаҵы… Сажәа хсыркәшоит аҵарауаҩ Вичеслав Бигәаа иҳәамҭала: "Алықьса Гогәуа уимыԥхьар ҟалаӡом. Уаԥхьацыԥхьаӡа аҿыц уанаҳәоит, уаԥхьацыԥхьаӡа маӡақәак цәырҵуеит. Убарҭ амаӡақәа зегьы асахьаркыратә ажәа азҟазара дуӡӡа иабзоуроуп". Ус анакәха, ҳара иаҳуалу аԥхьароуп. Аԥхьаҩцәа ҳзыҳәан дхандеиуан ажәа сахьарк "агенерал" Алықьса Гогәуа…
Алексей Гогуа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2025
Аԥсны
"Агәаӷьрагьы аҟазарагьы еилан иԥсабараҿы": Алықьса Гогәуа ажәлар русқәа разықәԥараҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0