Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев Бадра Гәынба Аиааира амш идиныҳәалеит
16:57 08.05.2026 (ирҿыцуп: 17:59 08.05.2026)

© Sputnik / Валерий Шарифулин/POOL
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 8 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев Бадра Гәынба Аиааира амш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
"Ари аныҳәамш аҽны ҳԥеиԥш лаша зхы ақәызҵаз, зфырхаҵареи зџьабааи рыла Аиааира зчаԥоз рҿаԥхьа ҳхы лаҳарҟәуеит. Ҳара ҳаҭыр рықәаҳҵоит згәымшәареи зхамеигӡареи ҳхы ҳақәиҭны ҳанхартә еиԥш иалзыршаз афырхацәа ргәалашәара", —ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Гаглоев Бадра Гәынбеи аиашьаратә аԥсуа жәлари ирзеиӷьеишьеит аманшәалара, аизҳазыӷьара, аҭынч жәҩан.