Аԥсны арҩашьагатә маҭәашьарқәа реикәыршаразы шаҟа цәгьоура ашәҟәы иҭагалоу еилкаахеит
18:37 14.05.2026 (ирҿыцуп: 23:43 14.05.2026)

© Sputnik / Олег Золото
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 14 — Sputnik. Арҩашьагатә маҭәашьарқәа реикәыршаразы 1,3 нызқь инареиҳаны ацәгьоурақәа Аԥсны ашәҟәы иҭаргалеит 2020 шықәса раахыс, абри атәы иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра арҩашьагатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ԥачалиа.
"Аҭиразы мацара ашьаустә ҭакԥхықәра рықәҵоуп 176-ҩык атәылауаа, Урыстәыла аҵакыраҿы хәҩык инареиҳаны рыԥшаара рылаҳәоуп", — иҳәеит иара, закәаншьаҭада арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара аҿагыларазы ахеилак аилатәараҿы.
21 кьыла инареиҳаны асинтетикатәии апсихотроптәии маҭәашьарқәа, 49 кьыла аҵиаашьҭра змоу ахархәагақәа, 25 нызқь инареиҳаны анаркотикатә маҭәашьарқәа злоу аҵиаақәа рдацқәа рымхуп.
Ԥачалиа иажәақәа рыла, ацәгьоурақәа раарԥшраҿы алҵшәа бзиа ыҟоуп, аха аӡбарҭақәа рҿы ашьауӷатә усқәа рыхәаԥшраан, уаанӡа ирыдыркылахьаз азыӡбақәа еиҳарак дырԥсыҽуеит — зус рыӡбо рхақәиҭтәра аҟынӡа. Иара игәаанагарала, ас еиԥш аусқәа реиҭахәаԥшразы азакәанԥҵара иахәаԥштәуп.
Уи адагьы, урыстәылатәи рколлегацәеи дареи русеицура алҵшәақәа ашьҭыхразы аинформациа аимдара аизырҳара аҭахуп.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра арҩашьагатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа лыҵшәабзиала аусуразы аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара азхаӡом, абри атәы иҳәеит аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ԥачалиа, закәаншьаҭада арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реикәыршара аҿагыларазы ахеилак аилатәараҿы.
Аусбарҭа араионтә ҟәшақәа шыҟам, урҭ шаԥҵатәу азгәеиҭеит иара.
Ԥачалиа закәаншьаҭада анаркотикқәа реикәыршара аҭагылазаашьа аиӷьтәразы ажәалагалақәа ҟаиҵеит:
▪ахылаԥшратә хархәагақәа реиӷьтәра, аинтернет-проваидерцәа рымчқәа рырҭбаарала амҩақәеи амҩадуқәеи рҿы акамерақәа рҟынтәи анҵамҭақәа рыҵәахра аҿҳәара аизырҳара;
▪ ақалақьқәа рҿы ахаҿқәа реиҩдырааратә программақәа зну авидеокамерақәа рышьақәыргылара;
▪ ахәшәқәеи апҭекатә психотроптә маҭәашьарқәеи реикәыршареи, иара убас аҳақьымцәа "алирикеи", "апрегабалини" рзылҩаареи ахылаԥшра арӷәӷәара;
▪ маҭәашьарқәак ззин ыҟам асиахь анҵара, иаҳҳәап, габапентин.