Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алалырҵәон ҳәа гәҩарас ирымаз урыстәылауаҩԥҳәыс даанкылоуп
23:32 14.05.2026 (ирҿыцуп: 10:23 15.05.2026)

© flickr.com / Jordan Gillespie
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 14 — Sputnik. Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алалырҵәон ҳәа гәҩарас ирымаз урыстәылауаҩԥҳәыс даанкылоуп.
Свердловсктәи аобласт аҿы инхо 48 шықәса зхыҵуа Анастасиа Плашевскаиа даанкылан Алада Ешыра игәыгәҭажьу аспортбаза аҵакыраҿы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР.
Лара илыдырбалеит амефедрон згәылаԥсаз 16 еилаҳәыра, даҽа ҩ-еилаҳәырак ԥшаан маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа рҟны. Иааидкыланы илымхыз амаҭәашьар азеиԥш капан 42 грамм еиҳан.
Ашьаус хацыркуп, Плашевскаиа дҭакуп.