Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 130 инареиҳаны иҭадырхеит
10:12 16.05.2026 (ирҿыцуп: 10:59 16.05.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 16 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 138 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭадырхеит Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Курсктәи, Ростовтәи, Орловтәи, Тулатәи, Калугатәи, Липецктәи, Риазантәи, Смоленсктәи, Твертәи аобластқәа рҿы.
Иара убас адронқәа кажьын Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрыми, Москватәи арегионқәеи, Азовтәии Амшын еиқәеи инархыкни.