Урыстәыла аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 550 инареиҳаны иҭадырхеит
09:38 17.05.2026 (ирҿыцуп: 09:55 17.05.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 17 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 556 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭадырхеит Белгородтәи, Калугатәи, Курсктәи, Орловтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Тулатәи, Смоленсктәи, Псковтәи, Липецктәи, Твертәи, Ростовтәи аобластқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Москватәи арегионқәеи, Ҟрыми, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿи.