Бадра Гәынба аӡхыҵра иахҟьаны ааха зауз Гәылрыԥшь араион даҭааит
16:54 25.05.2026 (ирҿыцуп: 17:46 25.05.2026)

© Foto
Анапаҵаҩра
Аԥхасҭа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы араион аусбарҭақәеи аҟәшақәеи зегьы русура рӷәӷәоуп.
АҞӘА, лаҵара 25 — Sputnik. Бадра Гәынба аӡхыҵра иахҟьаны ааха зауз Гәылрыԥшь араион даҭааит.
Аҳәынҭқарра ахада иҟалаз аԥхасҭа аӡбаразы анапынҵақәа ҟаиҵеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нури Ҭарба.
"Атәыла ахада аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ааха зауз Дранда аҳабла даҭаан ибеит. Иҟаҵан иалкаау анапынҵақәа, урҭ нагӡахоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны араион қыҭақәак аӡы рыҵалеит. Еиҳарак ааха роуит Дранда, Ԥшьаԥ, Маҷара ахәҭак, Гәылрыԥшь аҳабла.
"Уажәазы, аӡхыҵра ахҟьаԥҟақәа аԥыхразы аусурақәа цоит, амҩақәеи аӡқәа ахьхыҵыз аҭыԥқәеи рыцқьоуп, амҩаду хада аус ауеит" — ҳәа иҳәеит Ҭарба.
Уаанӡа еиҿкааз аԥсабаратә рыцҳара аахақәа раԥыхразы акомиссиа аусура иацҵахоит, ауааԥсыра уи иадҵаалартә еиԥш аҭагылазаашьа роуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аԥхасҭа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы араион аусбарҭақәеи аҟәшақәеи зегьы русура рӷәӷәоуп ҳәа иҳәеит Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ.