https://sputnik-abkhazia.info/20260529/1063352161.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иахьа 15 шықәса ҵит иԥсҭазаара далҵижьҭеи Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь Иара атәыла напхгара аиҭон 2005 шықәсазы имҩаԥысыз аиҭалхрақәа рышьҭахь ихьанҭаз... 29.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-29T13:30+0300
2026-05-29T13:30+0300
2026-05-29T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/1d/1063351995_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_e6048fc82a61696ddd6d6c2953def211.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иахьа 15 шықәса ҵит иԥсҭазаара далҵижьҭеи Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь Иара атәыла напхгара аиҭон 2005 шықәсазы имҩаԥысыз аиҭалхрақәа рышьҭахь ихьанҭаз ауаажәларра-политикатә кризис аамҭазы. Ихьӡ Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩы дыргәаладыршәаршәеит анышә дахьамадоу иқыҭа гәакьа Џьгьарҭа .Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, адепутатцәа, ауаажәларра.
Очамчыра араион аӡхыҵра иахҟьаны аа-ҩнык рҟынӡа ааха роуит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахадара аекономика аҟәша аиҳабы Ҭемыр Амқәаб."Ҳара ҳусбарҭа хымԥада аԥаратә цхыраара ҟанаҵоит. Анхацәа ироуз аԥхасҭа ахәшьара азы акомиссиа аԥҵоуп",— ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.Зегь реиҳа ааха зауз Ԥақәашь ақыҭа ауп. Аԥсабаратә рыцҳара иара убасгьы ааха анаҭеит Кәҭоли Маркәылеи. Уаҟа аӡы иагеит еиҭаҳаз ауҭраҭых ҳәа иҳәеит Амқәаб.
Абетон ашьҭаҵара иалагеит Башкортосҭан хылаԥшра знаҭо Диоскураа рыԥшаҳәа ахәҭаҿы.Аусурақәа рыҿҳәара маҷк иахысит аиҭашьақәыргыларазы ирыдыркылаз анџьныртә ӡбара ацҵақәа ирыхҟьаны. Ахатәы риашарақәа аланагалеит амшгьы – мшаԥымзеи лаҵарамзеи иӡысаамҭахеит, адгьыл цәаакын. Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы апроект нарыгӡоит Краснодартәи атәылаҿацә, Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа", аҭыԥантәи анаплакыҩцәа – реицхыраарала. Аԥшаҳәа аԥхьаҟа ишыҟалашазы рыбжьы арҭеит 12 нызқьҩык инареиҳаны ҳуааԥсыра.
Украинатәи агент Новороссииск апассаџьыртә дәыӷба аԥжәара игәы иҭан.31 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ ихаҭа украинатәи арбџьармчқәа иҽрымеидеит, амҩақәҵарақәа иоуит, артҟәацгатә маҭәашьарқәа ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.Иара даанкылан аихамҩаҿы аԥшыхәра анымҩаԥигоз.Аӡәгьы ааха рмоуӡеит, амазарагьы аԥхасҭа аҭамызт. Атеррористтә қәылара аҽазыҟаҵаразы ашьаус хацыркуп.
Ниу-Иорк ақалақь аҿы иҟоу Еидҵоу амилаҭқәа реиҿкаара ахыбраҿы иаатит ацәыргақәҵа "Асовинформбиуро 85 шықәса ахыҵит. Зыԥсы ҭоу аҭоурых. Хашҭра зқәым аамҭа".Уаҟа ицәыргоуп амедиагәыԥ "Россия сегодня" архив аҟынтәи 1940-тәи ашықәсқәа инаркны 2020 шықәсанӡа иҭыху здаҟам 30 фотосахьа. Урҭ рыбжьара иҟоуп 1945 шықәсазы имҩаԥысыз Аиааира апарад, раԥхьатәи акосмос ахь аԥырра, Москвеи Шәачеи имҩаԥысуаз Аолимпиада уҳәа афотоҭыхымҭақәа.Ацәыргақәҵа амультимедиатәуп. Аҭааҩцәа ирбарц рылшоит еиҭамҵуа асахьа мацара акәымкәа, иныҟәо, амимикақәа, зҽызԥсахуа аракурс уҳәа ахәаԥшҩы урҭ ахҭысқәа ҿыц даҽакала дрызнеиуеит
Иахьа 15 шықәса ҵит иԥсҭазаара далҵижьҭеи Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь Иара атәыла напхгара аиҭон 2005 шықәсазы имҩаԥысыз аиҭалхрақәа рышьҭахь ихьанҭаз ауаажәларра-политикатә кризис аамҭазы. Ихьӡ Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩы дыргәаладыршәаршәеит анышә дахьамадоу иқыҭа гәакьа Џьгьарҭа .Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, адепутатцәа, ауаажәларра. Очамчыра араион аӡхыҵра иахҟьаны аа-ҩнык рҟынӡа ааха роуит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахадара аекономика аҟәша аиҳабы Ҭемыр Амқәаб."Ҳара ҳусбарҭа хымԥада аԥаратә цхыраара ҟанаҵоит. Анхацәа ироуз аԥхасҭа ахәшьара азы акомиссиа аԥҵоуп",— ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.Зегь реиҳа ааха зауз Ԥақәашь ақыҭа ауп. Аԥсабаратә рыцҳара иара убасгьы ааха анаҭеит Кәҭоли Маркәылеи. Уаҟа аӡы иагеит еиҭаҳаз ауҭраҭых ҳәа иҳәеит Амқәаб. Абетон ашьҭаҵара иалагеит Башкортосҭан хылаԥшра знаҭо Диоскураа рыԥшаҳәа ахәҭаҿы.Аусурақәа рыҿҳәара маҷк иахысит аиҭашьақәыргыларазы ирыдыркылаз анџьныртә ӡбара ацҵақәа ирыхҟьаны. Ахатәы риашарақәа аланагалеит амшгьы – мшаԥымзеи лаҵарамзеи иӡысаамҭахеит, адгьыл цәаакын. Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы апроект нарыгӡоит Краснодартәи атәылаҿацә, Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа", аҭыԥантәи анаплакыҩцәа – реицхыраарала. Аԥшаҳәа аԥхьаҟа ишыҟалашазы рыбжьы арҭеит 12 нызқьҩык инареиҳаны ҳуааԥсыра. Украинатәи агент Новороссииск апассаџьыртә дәыӷба аԥжәара игәы иҭан.31 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ ихаҭа украинатәи арбџьармчқәа иҽрымеидеит, амҩақәҵарақәа иоуит, артҟәацгатә маҭәашьарқәа ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.Иара даанкылан аихамҩаҿы аԥшыхәра анымҩаԥигоз.Аӡәгьы ааха рмоуӡеит, амазарагьы аԥхасҭа аҭамызт. Атеррористтә қәылара аҽазыҟаҵаразы ашьаус хацыркуп. Ниу-Иорк ақалақь аҿы иҟоу Еидҵоу амилаҭқәа реиҿкаара ахыбраҿы иаатит ацәыргақәҵа "Асовинформбиуро 85 шықәса ахыҵит. Зыԥсы ҭоу аҭоурых. Хашҭра зқәым аамҭа".Уаҟа ицәыргоуп амедиагәыԥ "Россия сегодня" архив аҟынтәи 1940-тәи ашықәсқәа инаркны 2020 шықәсанӡа иҭыху здаҟам 30 фотосахьа. Урҭ рыбжьара иҟоуп 1945 шықәсазы имҩаԥысыз Аиааира апарад, раԥхьатәи акосмос ахь аԥырра, Москвеи Шәачеи имҩаԥысуаз Аолимпиада уҳәа афотоҭыхымҭақәа.Ацәыргақәҵа амультимедиатәуп. Аҭааҩцәа ирбарц рылшоит еиҭамҵуа асахьа мацара акәымкәа, иныҟәо, амимикақәа, зҽызԥсахуа аракурс уҳәа ахәаԥшҩы урҭ ахҭысқәа ҿыц даҽакала дрызнеиуеит
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/1d/1063351995_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_36b982b4fbbe1ba995c18454fa0d6944.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио