Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 310 ҭадырхеит
09:19 08.06.2026 (ирҿыцуп: 10:00 08.06.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
Украинатәи Арбџьармчқәа есыҽны аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла Урыстәыла еиуеиԥшым ахыбрақәа ирыжәлоит.
АҞӘА, рашәара 8— Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 310 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭадырхеит Белгородтәи, Бриансктәи, Ростовтәи, Волгоградтәи, Саратовтәи, Орловтәи, Тулатәи, Липецктәи, Калугатәи, Риазантәи аобластқәа рҿы.
Иара убас аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҭархан Краснодартәи атәылаҿацәи, Москватәи арегионқәеи, Ҟрыми, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни инархыкны.