https://sputnik-abkhazia.info/20260610/1063582104.html
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы аԥсабареилазаара еилазго иарбан усмҩаԥгазаалак ҟалом
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы аԥсабареилазаара еилазго иарбан усмҩаԥгазаалак ҟалом
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 10 — Sputnik. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы аԥсабареилазаара еилазго иарбан усмҩаԥгазаалак ҟалом ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз... 10.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-10T10:46+0300
2026-06-10T10:46+0300
2026-06-10T11:33+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/1d/1049264369_0:592:1536:1456_1920x0_80_0_0_408c14fb81ace89bac2319eda23c3182.jpg
АҞӘА, рашәара 10 — Sputnik. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы аԥсабареилазаара еилазго иарбан усмҩаԥгазаалак ҟалом ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳәырԥсарра аиҳабы Сабина Лобода.Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы иҟан авидео, ҩыџьа урыстәылатәи атуристцәа Пицунда Амзара атриуфельқәа шыҵырхуа. Ари аҭыжьымҭа 200-нызқьҩык инареиҳаны иахәаԥшит. Лобода иазгәалҭеит ари аҵиаа хкы ашәҟәы ҟаԥшь ишану, ари авидео ҟарҵаанӡа уи шыҟоу здыруаз шмаҷӡаз. Аҳәырԥсарра аԥсабареилазааратә ҭыԥ кьыс амамзароуп, уахь уаҩ дҭамлароуп, еиҳаракгьы акгьы аҵжаара ҟалом, избанзар арҭ аусқәа аҵиаақәа аԥырхага ӷәӷәа рынаҭар алшоит ҳәа инаҵшьны азгәалҭеит Лобода, илҳәеит ашәҟәы ҟаԥшь иану аҵиаақәеи, аԥстәқәеи, ахәаҷа-маҷақәеи закәанла ишырхьчо.
https://sputnik-abkhazia.info/20210209/Ashy-ash-ianu-55-shysa-zkhyua-Pitsunda-Mysrati-ayrsarra-iatsi-iakhei-1031799302.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0b/1d/1049264369_0:448:1536:1600_1920x0_80_0_0_495f4bde62b5193f8660b87d15e0d467.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы аԥсабареилазаара еилазго иарбан усмҩаԥгазаалак ҟалом
10:46 10.06.2026 (ирҿыцуп: 11:33 10.06.2026) АҞӘА, рашәара 10 — Sputnik. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы аԥсабареилазаара еилазго иарбан усмҩаԥгазаалак ҟалом ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳәырԥсарра аиҳабы Сабина Лобода.
Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы иҟан авидео, ҩыџьа урыстәылатәи атуристцәа Пицунда Амзара атриуфельқәа шыҵырхуа. Ари аҭыжьымҭа 200-нызқьҩык инареиҳаны иахәаԥшит.
Лобода иазгәалҭеит ари аҵиаа хкы ашәҟәы ҟаԥшь ишану, ари авидео ҟарҵаанӡа уи шыҟоу здыруаз шмаҷӡаз.
"Иахьынӡаҳдыруа, атриуфельқәа даара ихаауп, абар ҩымш раахыс ауаа амзараҿы уи иашьҭоуп ҳәа адыррақәа соуеит", — лҳәеит Лобода.
Аҳәырԥсарра аԥсабареилазааратә ҭыԥ кьыс амамзароуп, уахь уаҩ дҭамлароуп, еиҳаракгьы акгьы аҵжаара ҟалом, избанзар арҭ аусқәа аҵиаақәа аԥырхага ӷәӷәа рынаҭар алшоит ҳәа инаҵшьны азгәалҭеит Лобода, илҳәеит ашәҟәы ҟаԥшь иану аҵиаақәеи, аԥстәқәеи, ахәаҷа-маҷақәеи закәанла ишырхьчо.