Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 230 инареиҳаны иҭадырхеит
10:17 12.06.2026 (ирҿыцуп: 10:55 12.06.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
Украинатәи Арбџьармчқәа есыҽны рҽазыршәоит Урыстәыла аҵакыраҿ дронла ажәылара.
АҞӘА, рашәара 12 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 231 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Ростовтәи, Самаратәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Тулатәи, Улиановсктәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы ажәыларақәа аԥдырҟәҟәааит Москватәи арегионқәеи, Ҟрыми, Ҭаҭарсҭани, Азовтәи амшын инахыкни.