00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашәҟәы "Геопоэт Даур Зантария. Шаг в XXI век" аӡыргара мҩаԥысуеит иахьа Москва

© Foto / из архива семьи ЗантарияДаур Зантария
Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2026
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, аҭоурыхтә повестқәеи ажәабжьқәеи равтор Даур Занҭариа иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 7 2001 шықәсазы, 48 шықәса дшырҭагылаз.
АҞӘА, рашәара 16— Sputnik. Аурыс поет Игор Сид ишәҟәы "Геопоэт Даур Зантария. Шаг в XXI век" аӡыргара мҩаԥысуеит иахьа Москва, Урыстәыла аҳәынҭқарратә библиотека иатәу Мрагыларатәи алитература ацентр аҿы.

Ашәҟәы Сид шықәсырацәалатәи иусура иалҵшәахеит, уи амемуарқәеи аҭҵаарадырра-популиартә литературеи еиднакылоит, асахьақәа рацәаны иагәылоуп.
© Foto / Игорь СидОбложка книги "Геопоэт Даур Зантария. Шаг в XXI век" Игоря Сида
Обложка книги Геопоэт Даур Зантария. Шаг в XXI век Игоря Сида - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2026
Обложка книги "Геопоэт Даур Зантария. Шаг в XXI век" Игоря Сида
"Ари ашәҟәы иналукааша ашәҟәыҩҩы, апоет, акинодраматург Даур Занҭариа ирҿиараҿы иҭысҵааз иалҵшәоуп. Ҳара ҳаибадырит 40 шықәса раԥхьа. Уи ҟалеит Аҟәатәи акаҳуажәырҭа "Амра" аҟны", — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит иара.

80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны 90-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭанӡа ашәҟәыҩҩцәа шамахамзар еиқәшәаӡомызт. Занҭариа иԥсҭазаара далҵаанӡа шықәсыки бжаки шагыз реимадара хацдыркит, уи ашьҭахь Сид изныкымкәа Аԥсныҟа Даур Занҭариа иахь сасра даахьан. Уи адагьы, акырынтә еиҿикаахьан аԥсуа шәҟәыҩҩы ирҿиаратә хәылԥазқәа.

2010 шықәсазы Сид Аҟәа Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр аартра далахәын, уи нахысгьы иусумҭақәа рыларҵәара далагеит.

"Иахьа иӡыраҳго ашәҟәы аартра хәыҷыкгьы аҵоуп — раԥхьаӡа Даур саниабадырыз, ХХ ашәышықәса аҩбатәи азбжа апрозаикцәа дуқәа ируаӡәкыз Андреи Битов Даур иажәабжьқәа руак аурысшәахь еиҭеигеит. Битов уаҳа алитературатә еиҭагақәа аус рыдимулеит. Ари иаанарԥшуеит ииашаҵәҟьаны иҷыдоу ахҭыс — Даур зегьы ҳаҭыр иқәырҵон, Битовгьы иажәабжь "Оглашенные" аҿы персонажк иаҳасабала дцәыригеит", — иҳәеит Сид.
© Foto / предоставлено Баталом Кобахия Андрей Битов и Даур Зантария
Андрей Битов и Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2026
Андрей Битов и Даур Зантария
Ашәҟәы хықәкыс иамоуп — Даур Занҭариа ирҿиаратә ҭынха амҽхак инагӡаны, иҵауланы амчхара аарԥшреи, насгьы уи Аԥсни Урыстәылеи рыжәлар рзы мацара акәымкәа, егьырҭ абызшәақәа жәпакы рахьгьы аиҭагаразы ихымԥадатәиу шакәу аарԥшра ауп иҳәоит автор.

"Даур иԥсҭазаара далҵит ашәышықәса ҿыц, азқьышықәса ҿыц раԥхьатәи ашықәс азы, аха сара сгәанала, ари — ишәышықәсеи зқьышықәсеи роуп. Иара иахьа даҳҭахуп, избанзар, иҩымҭақәа оумашәа актуалра рымоуп", — иҳәеит Сид.
Ажәабжьқәа зегьы
0