Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аделегациа арра-мшынтә салон "ФЛОТ-2026" иалахәын
15:30 16.06.2026 (ирҿыцуп: 15:53 16.06.2026)

© Sputnik / Алексей Даничев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 16— Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аделегациа Кронштадт имҩаԥысуаз XIII Жәларбжьаратәи арра-мшынтә салон "ФЛОТ-2026" иалахәын ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны еиԥылеит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаа Давид Бжьаниеи Вадим Кәартааи Урыстәыла Арра мшынтә флот акомандаҟаҵаҩ хада Александр Моисееви.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахьӡала Бжьаниа, Очамчыра аматериал-техникатә еиқәыршәаратә ҭыԥ аргыларазы Урыстәыла арра мшынтә флоти Аԥсни еицырзеиԥшу апроект анагӡараҿы аусеицуразы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
"Очамчыра аматериалтә-техникатә еиқәыршәара апункт аусура Аԥсны атәылахьчаратә лшарақәа хаҭабзиарала рышьҭыхра адагьы, Амшын еиқәа аҵакыраҟны аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи, аҭынчреи рзы узықәгәыӷша хәдықәҵара ауеит", — азгәеиҭеит Бжьаниа.