Гәдоуҭа амшын иаанахәаз ауаҩы деиқәзырхаз Мурман Наҟәаԥиа аҳаҭыртә шәҟәы ианаршьеит
17:17 16.06.2026 (ирҿыцуп: 17:32 16.06.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 16— Sputnik. Гәдоуҭа амшын иаанахәаз ауаҩы деиқәзырхаз Мурман Наҟәаԥиа аҳаҭыртә шәҟәы ианаршьеит.
"Мурман иааирԥшыз аамысҭашәареи, агәымшәареи, иуадаҩу аамҭазы ацхыраара аҟаҵаразы агәазыҳәареи — ҿырԥшы бзиоуп", — иҳәеит араион ахада Асҭамур Аргәын.
Ахҭыс ҟалеит рашәара 10 рзы. Аԥсшьаҩы имч еизымхакәа аӡааҟәрылара далагеит. 19 шықәса зхыҵуа Наҟәаԥиа, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русзуҩцәа раара дазымԥшкәа иӡааҟәрылоз еиқәырхара далагеит. Ацхыраара зҭахыз диманы дыӡсо аԥшаҳәахьы амҩабжара днеихьан еиԥш, ацхыраара лас аӷба рыхьӡеит.