Апарламент ишьақәнаргылеит ацәгьоуҩы иаанкыларҭеи иахьырхәра арԥсыҽреи рзы аиҭакрақәа
12:27 17.06.2026 (ирҿыцуп: 12:58 17.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент изаамҭанытәу аилатәара мҩаԥысит ахаша, рашәара 17 рзы.
АҞӘА, рашәара 17 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ишьақәнаргылеит зыҿҳәара ааиаанӡа иоурыжьуа ҵакырала раанкылареи иҟарҵаз ацәгьоура рахьырхәра арԥсыҽреи рзы аиҭакрақәа.
Ашьаус-процессуалтә кодекс аиҭакрақәа аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарақәа рҿы ирыдыркылеит.
Апарламент адепутат Инар Гыцба иазгәеиҭеит, лассы-ласс ацәгьоуҩы иахьархәразы аӡбамҭа шрыдыркыло қалақьк аҿы, анаҩс уи даҽа қалақьк аҟны ишихиго. Иҿҳәара ааиаанӡа иоушьҭразы аӡбамҭа адкыларазы аусӡбарҭахь инагара ауадаҩрақәа акыр цәырнагоит.
"Аԥсны тәыла дуӡӡам. Иахьазы урҭ азҵааарақәа реиҳаарак Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭаҿы ирыдыркылоит, аха уаҟагьы ахатәы еилахара ыҟоуп. Ҳгәы иаанагоит, абарҭ азҵаарақәа ркатегориақәа рыӡбара еиҳа имариахон ақәҵара ҟазҵаз аӡбарҭа иадҵазар", — иҳәеит иара.