Урыстәылеи Белоруссиеи русеилыргаҩцәа ахәыҷқәа зҭаз автобус адрон ахьажәлаз аҭыԥ гәарҭеит
15:27 19.06.2026 (ирҿыцуп: 16:33 19.06.2026)

© Foto / Егор Ковальчук/MAX
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Урыстәылатәии белоруссиатәии ашьаусеилыргаҩцәа Бриансктәи аобласт аҿы Белоруссиантәи ахәыҷқәа зҭаз автобус украинатәи адронқәа ахьажәлаз аҭыԥ гәарҭеит.
Рашәара 17 рзы Бриансктәи аобласт аҿы А-240 амҩаду аҿы адрон-камикаӡе автобус иажәлеит. Автобус 44-ҩык ауааԥсыра ҭан, урҭ рҟынтәи 28-ҩык Белоруссиа, Гомельтәи аобласт Речица ақалақь ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ №2 аҵаҩцәа ракәын. Урҭ ԥсшьара Геленџьикҟа ицон.
Ахәра зауз быжьҩык ахәшәтәырҭаҿы ишьҭарҵеит, урҭ рҟынтә ԥшьҩык хәыҷқәоуп, ҩыџьа ргәабзиаратә ҭагылазаашьа уадаҩуп. Ахәыҷқәа мҩаԥызгоз аԥҳәыс дҭахеит.
Урыстәылеи Белоруссиеи ршьаусеилыргаратә еилакқәа аусеилыргара еицымҩаԥыргоит .