Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы аицлабра Gold's Gym Cup 2 Tennis Europe аҿы аиааиранагӡа игеит
17:32 27.06.2026 (ирҿыцуп: 17:54 27.06.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 27 — Sputnik. Нестор Цужба Ереван имҩаԥысуаз аԥкьаҭмпыл азы жәларбжьаратәи аицлабра Gold's Gym Cup 2 Tennis Europe аҿы аиааиранагӡа игеит.
Аԥснытәи аԥкьаҭмпыласҩы 15 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара аӡәаӡәалатәии ҩыџьа-ҩыџьалеи ахәмаррақәа рҿы ахьтәы медалқәа игеит. Ихаҭа 14 шықәса роуп ихыҵа.
Аицлабрақәа мҩаԥысуан рашәара 22 инаркны 27-нӡа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Нестор Цужба Урыстәыла 15 шықәса зхыҵуа еизгоу аҿарацәа ргәыԥ далахәуп. Уи Урыстәыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Александр Златоустови азыҟаҵаҩ Анастасиа Андреевеи рнапхгарала аспорттә клуб "Спартак" аҟны иҽазыҟаиҵоит.