Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рыҽқәа Краснодар имҩаԥысуаз аҽырыҩрақәа рҿы қәҿиарала иқәгылеит
19:21 27.06.2026 (ирҿыцуп: 19:39 27.06.2026)

© Sputnik / Виталий Тимкив
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 27 — Sputnik. Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рыҽқәа Краснодар имҩаԥысуаз аҽырыҩрақәа рҿы қәҿиарала иқәгылеит.
Иури Хагәышь иҽқәа хԥа алҵшәа бзиаӡақәа аадырԥшит. Аҽыҩ Аԥсны Инцитатус хышықәса зхыҵуа англыз шьацқьа злоу аҽқәа рыбжьара 2000 метра абжьаӡараҿы аиааира агеит, иагьанаршьеит "Анилин" аԥхьахә.
Аԥсны Инцитатус иара убас, аиааира агеит Павловтәи араион Адепутатцәа ҿарацәа рхеилак аҳамҭа аиуразы 1800 метра аҽырҩраҿы. Аҽыҩ Инкрустатор аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит ақалақь-фырхаҵа Москва аԥхьахә аиуразы 2400 метра аҩраҿы.
Аԥснытәи даҽа ҽык — Коммандиор Класс "Анилин" аԥхьахә агаразы аџьаз иаԥсахеит. Аҽыҩ аԥшәма — Даур Агәхаа.