АЕД аан Аԥсны ажәҩан аҳаирхыхьчара иазку ажәахә ҟаҵан Ростов-Донтәи аконференциаҿы
13:07 28.06.2026 (ирҿыцуп: 13:54 28.06.2026)

© Foto
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 28 — Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан Аԥсны ажәҩан аҳаирхыхьчара иазку ажәахә цәырган Ростов-Донтәи ақалақь аҿы имҩаԥысуаз урыстәылазегьтәи аҭҵаарадырратә конференциаҿы.
Уи цәыригеит ауаажәларратә еиҿкаара "Абхазпоиск" анапхгаҩы, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟәша аусзуҩы Николаи Медвенски.
Иара иусумҭаҿы 1942-1943 шықәсқәа раан Кавказ азы ажәылараҿ, Аԥсны аҳаирҳәаа Германиатәи аҳаирпланқәа рҟынтәи изыхьчоз 863-тәи аибашьыгатә авиациатә полк аибашьратә ҭоурых аҭҵаара алҵшәақәа дрылацәажәеит.
Автор иҭиҵааит Аҟәа аҳаирқәыларақәа рҿагылараҿы, Амшын еиқәа аԥшаҳәа ақәыԥшылараҿы асовет ӷбақәа мҩанызгоз, аҳаирԥшыхәрақәа ҟазҵоз, Аԥсны ашьхатә ҭыԥқәа рҿы аус зуаз асовет ар рыцхраараҿы аполк иҟанаҵоз аусқәа.
VII жәларбжьаратәи урыстәылазегьтәи аҭҵаарадырратә конференциа, "Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Алада Урыстәыла ажәларқәа рҭоурыхи ргәалашәареи аҿы: ахҭысқәа, алахәылацәа, асимволқәа", мҩаԥысуан рашәара 24 инаркны 27-нӡа Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аладатәи аҭҵаарадырратә центр аҿы. Афорум еиднакылеит 180-ҩык инареиҳаны Урыстәылатәи арегионқәа, Аԥсны, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа рҟынтәи аибашьратә ҭоурых аҭҵааҩцәеи аҭҵаарадырратә еилазаара ахаҭарнакцәеи.